Аныҳәатә программақәа – акультуратә хҭысқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукНовогодняя елка в Сухуме
Новогодняя елка в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашықәс ҿыц аԥылара шымҩаԥысуа атәы аилкаара шәылшоит аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik адыррақәа аҟны.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Ашықәс ҿыц иазыԥшуп хәыҷгьы-дугьы. Аныҳәа аламҭалаз ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аҽырхиара иаҿуп. Мчыбжьык ауп инхаз хәыҷгьы-дугьы ззыԥшу аныҳәа ааирц. Уаанӡа имҩаԥысраны иҟоу ахҭысқәа Аԥсны ауааԥсыра ргәы ҟазҵаша хҭысқәоуп.

Ҳалагап аҳҭнықалақьтәи ахҭысқәа рыла: Аҳҭнықалақь аҟны аконцертқәа хацыркхоит аныҳәа мчыбжьык-жәамш шагу.

Главная новогодняя ёлка города Севастополя - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ашықәс ҿыц иаԥылоит

Ахәыҷқәа бзиа еицырбо амультфильмқәа рперсонажқәа ракәзаргьы аныҳәа аҽазыҟаҵара иаҿуп. РУСДРАМ асценаҿ ԥхынҷкәын 27 — 30 асааҭ 11:00; 13:00 рзы имҩаԥысуеит аспектакль "Снежная принцесса" апремиера.

Аԥсуа драматә театр ԥхынҷкәын 25 — 30 асааҭ 11:00; 13:00 рзы ахәыҷқәа рзы иазнархиоит аҳамҭа: аспектакль "Как Ежик Новый год встречал".

Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ԥхынҷкәын 22 асааҭ 18 рзы имҩаԥнагоит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа злахәу аконцерт. Имҩаԥгахоит акәашаратә ансамбль "Каданси" акәашаратә ансамбль "Абазеи" рықәгылара.

Ԥхынҷкәын 26 — 27 асааҭ 18 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы астудиа "Арлекино" амузыкатә спектакль "В гостях у Белоснежки" ахәыҷқәа ирыднагалоит. Аҿар ртеатр ԥхынҷкәын 28 асааҭ 17.30 рзы имҩаԥнагоит акьанџьақәа ркарнавал. Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥысраны иҟоуп ашықәсҿыцазтәи аинтерактивтә хәмаррақәа.

Ԥхынҷкәын 26 асааҭ 16:00 рзы, Ацәыргақәҵатә зал аҟны, имҩаԥгахоит 2017 шықәса хзыркәшо "Иреиӷьу аусумҭақәа" рӡыргара.

Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 16 рзы, Ахақәиҭра ашҭаҿы, еиҿыркаауеит алазертә шоу "Дед Мороз – наш супер-герой!".

Ашықәс ҿыц ауха, асааҭ 01.00 рзы атәыла аԥсаӡ хада аҿаԥхьа еиҿкаахоит аныҳәатә концерт.

Гагра акәзар, аныҳәатә уснагӡатәқәа хнартуеит ԥхынҷкәын 27 рзтәи ансамбль "Афырҭын" аконцерт ала. Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 15:00 инаркны ашықәсҿыц аазтәи аныҳәатә концерт иалагоит. Ахәылԥаз алазертә шоуи адискотекеи рыла ихыркәшахоит.

Администрация Гагры. - Sputnik Аҧсны
Гаграа ашықәс ҿыц рҽаздырхиоит

Гәдоуҭа. Гәдоуҭа араион акультура Аҩнаҿы ԥхынҷкәын 29 асааҭ 12:00 рзы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт. Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 17:00 рзы ақалақьтә Акультура аҩнаҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт хада.

Гәылрыԥшь. Агәӡератәи клуб аҟны ԥхынҷкәын 26 — 30 асааҭ 11:00, 12:00, 13:00 рзы ахәыҷқәа рзы еиҿкаахоит ақәгыларақәа. Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 17:00 рзы имҩаԥысуеит аныҳәатә концерт.

Очамчыра. Очамчыраа аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥыргоит ԥхынҷкәын 26 асааҭ 14:00 рзы КВН акомандақәа рықәгыларыла. Ԥхынҷкәын 29 рзы аныҳәатә концерт мҩаԥысуеит.

Тҟәарчал. Тҟәарчал акультура Аҩнаҿы ԥхынҷкәын 29 рзы имҩаԥгахоит ауснагӡатәқәа ҩба: ахәыҷқәа рзы ашьыжьтәи аныҳәеи адуцәа рзы акарнавали. Ашықәс ҿыц ауха имҩаԥысраны иҟоуп азеиԥш дискотека афеерверкқәа ацны.

Гал. Гала Акультура аҩнаҟны ԥхынҷкәын 26 асааҭ 15:30 рзы иддырбоит аспектакль "Золушка". Ԥхынҷкәын 27 асааҭ 12:00, 14:00, 16:00 рзы имҩаԥысуеит аныҳәатә қәгыларақәа. Ақалақь ашҭа хадаҿы ԥхынҷкәын 29 рзы имҩаԥыргоит аныҳәатә концерт.

Ажәабжьқәа зегьы
0