Аԥсны Ашықәс ҿыц иаԥылоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГлавная новогодняя ёлка города Севастополя
Главная новогодняя ёлка города Севастополя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашықәс ҿыц аԥылара шымҩаԥысуа атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik акорреспондент лматериал аҟны.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Ашықәс ҿыц иазыԥшуп хәыҷгьы-дугьы. Аныҳәа аламҭалаз ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аҽырхиара иаҿуп.

Аҳҭнықалақь аҟны аконцертқәа хацыркхоит аныҳәа мчыбжьык-жәамш шагу. Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ԥхынҷкәын 22 асааҭ 18 рзы имҩаԥнагоит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа злахәу аконцерт. Иара убри амш аҽны Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥысраны иҟоуп ашықәсҿыцазтәи аинтерактив.

Ԥхынҷкәын 26 — 27 асааҭ 18 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы астудиа "Арлекино" амузыкатә спектакль "В гостях у Белоснежки" ахәыҷқәа ирыднагалоит. Ԥхынҷкәын 28 асааҭ 17.30 рзы имҩаԥысуеит акәыкәлақәа ркарнавал.

Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 16 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еиҿыркаауеит алазертә шоу "Дед Мороз – наш супер-герой!".

Ашықәс ҿыц ауха, асааҭ 01.00 рзы атәыла аԥсаӡ хада аҿаԥхьа еиҿкаахоит аныҳәатә концерт.

Ареспублика атеатрқәа ррепертуарқәа ракәзаргьы аныҳәа аҽазыҟаҵара иаҿуп. РУСДРАМ асценаҿ ԥхынҷкәын 25 асааҭ 11 рзы имҩаԥысуеит аспектакль "Снежная принцесса" апремиера.

Аԥсуа драматә театр ԥхынҷкәын 25 асааҭ 11 рзы ахәыҷқәа рзы иархиоит аҳамҭа: аспектакль "Как Ежик Новый год встречал".

Администрация Гагры. - Sputnik Аҧсны
Гаграа ашықәс ҿыц рҽаздырхиоит

Гагра араион акәзар, аныҳәатә уснагӡатәқәа хнартуеит ԥхынҷкәын 31 асааҭ 20.00 рзы аконцерт "Новогодняя елка" ала. Ажьырныҳәа 2 — 15 рзы имҩаԥгахоит акультура Аҩнаҿы еиуеиԥшым аныҳәатә концертқәа.

Гәдоуҭа араион акультура Аҩнаҿы ԥхынҷкәын 29 асааҭ 15.00 рзы имҩаԥгахоит аныҳәатә концерт. Ԥхынҷкәын 31 рзы ақалақьтә парк аҿы имҩаԥгахоит адискотека.

Тҟәарчал акультура Аҩнаҿы ԥхынҷкәын 29 рзы имҩаԥгахоит ауснагӡатәқәа ҩба: ахәыҷқәа рзы ашьыжьтәи аныҳәеи адуцәа рзы акарнавали. Ашықәс ҿыц ауха имҩаԥысраны иҟоуп азеиԥш дискотека афеерверкқәа ацны.

Очамчыраа аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥыргоит ԥхынҷкәын 29 рзы.

Гала ақалақь ашҭа хадаҿы ԥхынҷкәын 29 рзы имҩаԥыргоит аныҳәатә концерт.

Ажәабжьқәа зегьы
0