АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусԥҟа инақәыршәаны Аԥсны ақыҭанхамҩа зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ рыхҵоуп: аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров, Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Рушьбеи Кәарацхьелиа, Очамчыра араион МТС адиректор Виачеслав Шьоуа.
"Ҳаҭыр зқәу атәыла Ахада, аиԥылара алахәылацәа ҭабуп ҳәа ҳҳәоит ҳусура иаҭоу ахәшьара ҳаракы азы. Зегьы ишәзеиӷьаҳшьоит иааиуа ашықәс ҿыц аманшәалара шәзаанагарц", — иҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Рушьбеи Кәарацхьелиа.
Аҳамҭақәа рыҭан аныҳәатә ҟазшьа аманы, атәыла Ахада иалахәрала.
"Адунеи зегь аҟны ақыҭанхамҩа адотациа азыруеит. Ииашоуп, ҳара иахәҭоу аԥаразоужьра ҳалшом, аха ишҳалшо ала ақыҭанхамҩа аҿиара ҳацхраарц ҳҭахуп", — иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, ақыҭанхамҩа ацхыраара аҵак ду аманы ишыҟоу.
"Иара убри аан аныхрақәа ахылаԥшра рзулатәуп. Иҟоуп аԥара ззоуҳажьыз ауаа, аха иарбанызаалак ак ҟазымҵаз. Усеиԥш ҟалом. Аԥара аԥара ҟанаҵозароуп", — иҳәеит Ахада.
Иара убасгьы ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа ирыҭан аԥаратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.