Афонтәи аҳаԥи Риҵатәи апарки аныҳәаз абжьааԥнеиԥш аус рулоит

© Sputnik / Виктор Панов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДорога на озеро Рица зимой
Дорога на озеро Рица зимой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк адиректор Рита Лолуеи Афон ҿыцтәи аҳаԥы амениџьер Есма Гарцкиаԥҳаи Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭарҳәеит аныҳәатә мшқәа раан русура шеиҿкаахо атәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк адиректор Рита Лолуеи Афон ҿыцтәи аҳаԥы аменеџьер Есма Гарцкиаԥҳаи Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭарҳәеит аныҳәатә мшқәа раан русура аштаттә режим иақәыршәаны, абжьааԥнеиԥш ишеиҿкаахо атәы.

Главная новогодняя ёлка города Севастополя - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ашықәс ҿыц иаԥылоит

"Уаанӡатәи арежим ҳақәныҟәалоит. Атехника хаагалеит сык аур амҩақәа ррыцқьаразы. Иара убри аан автобус дуқәа уахь рхалара ԥкхоит, избанзар амҩа уадаҩуп", — лҳәеит Лолуаԥҳа.

Лара илҳәеит аныҳәақәа раан асасцәа рзы аԥсаӡ шдырхиало.

"Есышықәса ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан х-нызқь инадыркны хә-нызқь рҟынӡа аԥсшьаҩцәа ҳазнеиуеит", — лҳәоит апарк адиректор.

Афон ҿыцтәи аҳаԥы акәзар, ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 8 рҟынӡа асааҭ 10:00- 18:00 аус аулоит лҳәеит аменеџьер Есма Гарцкиаԥҳа.

"Есышықәса аус аауеит Урыстәылатәи Афедерациа аныҳәатә мшқәа рграфик иақәыршәаны. Абарҭ амшқәа раан аҭааҩцәа еиҳа ирацәоуп", — лҳәоит лара.

Аныҳәамшқәа раан аус рулоит аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ргәыԥқәа хԥа-ԥшьба. Гәыԥ-цыԥхьаӡа хҩы-хҩы рыла ишьақәгылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0