Манана Делԥҳа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМанана Делба
Манана Делба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, ԥхынҷкәын 28 рзы Аҟәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, ԥхынҷкәын 28 рзы Аҟәа. Бжьыҭира маӡала Манана Делԥҳа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп.

Делԥҳа лкандидатура рыдигалеит адепутат Каха Пертаиа. Иара аҳәара ҟаиҵеит абри акандидатуразы абжьыҭира мҩаԥыргарц, шықәсырацәалатәи лусуреи лықәҿиамҭақәеи азгәаҭаны.

Делԥҳа аӡбаҩыс лыҟаларазы рыбжьы рҭиит 29-ҩык адепутатцәа, аӡәы уи мап лцәикит.

1984 шықәса рзы Манана Делԥҳа ААУ, азинтә факультет далгеит. 1984-1997ашықәсқәа рзы аус луан Аҟәа дукатс. 1997шықәса инаркны – Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

2015 шықәса рзы Манана Делԥҳа Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0