Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
"Ауаҩы даниуа нахыс ицуп аԥсынҵры, уи ишәаны-изаны иҟоуп, иаамҭа анааи иԥсҭазаара еиҭанеикуеит. Аха, ауаажәлар ирыԥну аамҭа рҽырнааланы имҩасуеит. Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы гәыхәтәык имазароуп, ихы зқәикуа хықәкык дашьҭазароуп", — иажәа аҳәара дналагеит хџьынџьуаҩ.
Ԥсыхәа ахьынӡамо ауаҩы игәҭакы, ихықәкы ашҟа иԥсы ахьынӡаҭо ишилшо ала ихарҭа адиҵоит, иааԥсара адиҵоит убра дахьӡаразы. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит ҳзыҿцәажәоз.
"Ари аус аҿы ауаҩытәыҩса ҩмҩак имоуп: игәҭакы акьыба ақәцәаҿы ианкыдиргылалак, убра дазнеирц азы аџьабаа адиҵароуп, даԥхныҩлароуп. Аҿагыларҭа акала уаҿагылан ашьшьыҳәа уцозар, мышкызны уа унанагоит. Ушьҭыԥаны ирласны сцоит ҳәа уалагар, усҟангьы укаҳаны ианузмырҽеиуагьы ҟалоит", — ҳәа агәаанагара имоуп Арӡынба.
Ҳџьынџьуаҩ Џьемаллеҭин Арӡынба излазгәаиҭо ала, аԥсуа ихықәкы азнеиразы еснагь иҽазишәоит.
"Ауаҩытәыҩса игәыхәтәы дахьӡаразы маҷк иҽирццакыр ҟалоит, аха аԥсуа ҳилацәажәозар, уажәтәи ҳҭагылазаашьаҿы, иҳауз ахақәиҭраҿы иҳаԥну аамҭазы еиҳа иахьеиӷьу џьара, уи акьыба ақәцә аҿы днеирц азы аамҭа ирацәаны игзаргьы, ишьаҿақәа рӷәӷәаны акакала даҿагыло, иахьа уажәраанӡа дшааиз еиԥш дцар, хымԥада убрагьы дахьӡоит ҳәа агәра ганы сыҟоуп", — иҳәеит Арӡынба.
Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа дазааҭгыло, Џьемаллеҭин Арӡынба иазгәеиҭеит:
"Аибашьра ҳаналга ашьҭахь ҳахьгылази, иахьа ҳахьыҟои еиҿырԥшны ҳлаԥшыр, акыр акьыба агәҭанӡа ҳашҩеиз аҟара ҳдыруа ҳаҟоуп. Ҳааҳәны ҳашьҭахьҟа ҳанхьаԥшлак, инхақәаз ацәгьарақәа ааныжьуа, еиҳа иахьеиӷьу, еиҳа иахьыԥшӡоу, еиҳа иахьыманшәалоу џьаранӡа ҳашнеиз ҳдыруеит, аха акьыба ақәцә аҟны ҳнаӡаразы макьана мҩахәыҷык ҳамоуп", — иҳәеит иара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра есааира аизҳазыӷьара амҩа ишықәло Џьемаллеҭин Арӡынба агәыӷра имоуп. Убригьы ҳаԥхьа игылоу ҳҳәынҭқари, ивагылои, ҳҳәынҭқарра амаҵ азызуа ҳауаажәлари, хаҭа-хаҭала издыруа рацәоуп, рҟәышра сақәгәыӷуеит, убарҭ рыбзоуралагьы иахьаҳҭаху, ишаҳҭахәу ҳнеилоит", — иҳәеит Џьемаллеҭин.
Ауаҩытәыҩса иԥсынҵры дазааҭгыло, убас еиԥш азгәеиҭеит:
"Аԥсынҵра ҳәаак амоуп, аамҭаказы инҵәоит. Аха, аҳәынҭқарраҿы, ауаажәларраҿы аамҭа ибзианы ииасуазар, анҵәамҭаҿы уи акьыба ахықә аҿы иқәгылоу агәыхәтәы ҳахьӡоны ҳаҟазар, иҳаҩсыз аамҭа иахьа уажәраанӡа ишамаҭәахәыз ала ҳхы иаҳархәеит. Иахьа иҳагыз, иаҳҭахыз, иҳақәнагаз ҳмахәҿала иҳарҳаз ахақәиҭра ҳауит. Убри амҩа ҳшықәу акьыба ахықә аҟны ҳнеир, ҳагәҭакы ҳахьӡоит ҳәа сахәаԥшуеит", — ҳәа дазнеиуеит Џьемаллеҭин Арӡынба.
Ашықәс аамҭа аҵакы дазааҭгыло ҳаиҿцәажәара хиркәшеит Арӡынба.
"Аԥсны иқәынхо сашьцәа, сыуаажәлар! Гәыла-ԥсыла иаҳԥыло аамҭа, амш, ашықәс абзиарақәа ҳзаанагааит. Иахьа уажәраанӡа ҳаивагыланы иҳалшоз ала ҳаицхырааит, уажәынахысгьы убри амҩа ҳшықәгылоу, иҟаҳҵақәаз азгәаҭауа, ҳаигымхааит, ҳаиԥымхааит! Абзиарақәа, аԥшӡарақәа аԥсуа жәлар ирыгымхааит ҳәа сныҳәоит! Ирацәаны салам шәысҭоит!"-иҳәеит Џьемаллеҭин.