Гыцба: жәларбжьаратәи аинвесторцәа рааԥхьара еиҿаҳкаауеит

© Sputnik Зафас ГамгияИнар Гицба
Инар Гицба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор ҿыц Инар Гыцба радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз ԥхьаҟатәи апланқәа дрылацәажәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор ҿыц Инар Гыцба радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз ԥхьаҟатәи апланқәа дрылацәажәеит. Инар Гыцба иазгәеиҭеит аинвестициатә маҵзура ишаԥнаҵо аҭагылазаашьа маншәалақәа жәларбжьаратәи аинвесторцәа атәыла радыԥхьаларазы.

"Ҳара иаԥаҳҵараны ҳаҟоуп еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ҳекономика аизырҳаразы", — иҳәеит иара.

Аинвестициатә маҵзура атәыла ауааԥсыра ирнаҭоит адырра амаҵзура имҩаԥнаго аусурақәа рзы иҳәеит Гыцба.

"Ҳауаажәлар ирызнаагалоит ҳусура амҩаԥысшьа атәы. Идеилҳаркаауеит анаплакра зыгәҭаку ауаа цхыраарас ираҳҭар зылшо", — иҳәеит иара.

Инар Гыцба Аинвестициатә маҵзура анапхгаҩыс дҟарҵеит 2018 шықәса ажьырныҳәа 11 рзы.

Инар Гыцба: аԥсуа-аҭырқәа еизыҟазаашьақәа аԥеиԥш бзиа рымоуп

"Сара уи сгәысҽанӡамкәоуп ишсыдыргалаз. Саар секономистӡам, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет ауп сзылгаз. Аԥсны ахаҭарнакс Ҭырқәтәыла сыҟазаараан исылшоз ҟасҵон уаҟатәи абизнес-еилазаара Аԥсныҟа рхьарԥшразы", — иҳәеит иара.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа реилазаараҿ аус анызуаз аахыс ирацәаҩуп сзабадырыз, сызнырыз ауаа. Уажәы урҭ аимадарақәа сусура ҿыц иацхраауа иҟасҵп ҳәоуп иҳәеит Гыцба.

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа реилазаараҿ аус анызуаз адиаспореи сареи аинырра ӷәӷәа ҳаман. Урҭ рыбжьара иҟоуп абизнес ду знапы алакугьы, аиҳаракгьы Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Шьамтәыла, Египет инхо. Уажәы ҳара абри ахырхарҭа аус адулара ҳаҿуп", — иҳәеит иара.

Аԥсны Аекономика аминистрраҿы 2015 шықәса рзы иаԥҵан Аҳәынҭқарратә аинвестициатә маҵзура.

Ажәабжьқәа зегьы
0