Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа адгылара рырҭалоит

Анапаҵаҩра
"Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭаразы" азакәан аус адызуло аусутә гәыԥ Аԥсны Жәлар Реизараҟны аилацәажәара мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭаразы" азакәан аус адызуло аусутә гәыԥ Аԥсны Жәлар Реизараҟны аилацәажәара мҩаԥыргеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзи аилак ахантәаҩы Алхас Џьынџьал.

"2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Жәлар Реизара иаднакылеит ақәҵара асоциалтә усхк аҟны азакәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥҵаразы", — иҳәеит иара.

Заседание парламента - Sputnik Аҧсны
Апарламент аҟны ахәыԥсацҵазы ашәахтә азакәан аиҭахәаԥшраз аусутә гәыԥ аԥырҵеит

Ареспубликаҿы иҟоу адемографиатә ҭагылазаашьа инамаданы ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа адгылара рыҭара иазырхоу азакәан аусура акыр хра амоуп иҳәеит адепутат.

"Ишыжәдыруа еиԥш ҳбиуџьет акыр имаҷуп, аха ҳдемографиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу уахәаԥшны иарбанызаалак ацхыраара акы иаԥсоуп. Ҳара макьаназы азакәан апроект ауп аус здаауло", — иҳәеит аилак ахантәаҩы.

Апарламент адепутат иазгәеиҭеит аҳәаанырцә аус шыруа амикро-грантқәа, ауаа рыпроектқәа аус рурц ацхыраара ҟазҵо.

"Ҳара аинформациа еизаагоит, аҳәаанырцәтәи аԥышәа ахархәара ҳҭахуп апроект аԥсҭазаара аларҵәара ҳарццакырц", — иҳәеит адепутат.

Аусутә гәыԥ иара убасгьы иазыԥхьагәанаҭоит ахәыҷырацәа змоу рзы ахәшәқәа рыхәԥса 20% рҟынӡа аиҵатәра.

"Макьаназ ари жәалагалоуп. Зегьы аԥара иадҳәалоуп. Ахәԥсаеиҵазы аҳәынҭқарра ма афондқәа аԥаразоужьра ҟарҵароуп. Уажәазы Агәабзиарахьчара аминистрра асеиԥш иҟоу аҭаацәарақәа еиҳа ирҭаххар зылшо ахәшәқәа рсиа азырхиара иаҿуп", — иҳәеит Џьынџьал.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иахьазы Аԥсны иҟоуп ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа 4 598.

"Ахәыҷырацәа змоу ҳәа ишьоуп хҩык змоу аҭаацәарақәа. Асеиԥш иҟоу аҭаацәарақәа рҿы иахьа ирызҳахьеит 12 500-ҩык ахәыҷқәа", — иҳәеит адепутат.

2018 шықәса ажьырныҳәамза инаркны еизырҳахоит хәыҷыцыԥхьаӡа ирзыршәо аԥара. Хҩык инадыркны хәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ахьыҟоу хәыҷыцыԥхьаӡа 500 – 500 мааҭ рзыршәоит. Фҩык инадыркны жәҩык рҟынӡа ахьыҟоу – 1500 мааҭ раӡәаӡәа ирзыршәоит, жәаҩыки инареиҳани ахәыҷқәа ахьыҟоу 3000 мааҭ ршәоит хәыҷык изы.

Аусутә гәыԥ иалагалоуп Апрокуратура хада, Аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рхаҭарнакцәа, атәыла Ахада иаппарат азиндырыҩцәа, Апарламент азиндырыҩцәа, адукаттә биуро аусзуҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0