Аҽы иазымиааиуаз, акәадыр дасуан

© Sputnik / Томас ТхайцукПодготовка к скачкам
Подготовка к скачкам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә ҳақәа иахьа ҳдунеи иузаҟәымҭхо иадҳәалахеит хәа лгәаанагара ыҟоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Асоциалтә ҳақәа аԥсҭазаараҿы аҿиара роуа иалагеит 1995 шықәса раахыс, аха "Феисбук", "Аконтакт аҿы", "Твиттер", "Инстаграм" реиԥш иҟоу анцәырҵ ашьҭахь ауп миллионҩыла ауаа асоциалтә-виртуалтә даҟьақәа ирҭаауа ианалагаз. Араҟа ауаа рҩызцәеи дареи рҽеимардоит, аинформациа рыԥшаауеит, аелектронтә почта абзоурала ироуеит еиуеиԥшым аимадаратә ҵакы змоу ашәҟәқәа. Ажәакала, асоциалтә ҳақәа иахьа ҳдунеи иузаҟәымҭхо иадҳәалахеит.

Асоциалтә ҳа Феисбук - Sputnik Аҧсны
Анегатив иашьцылаз

Аԥсны мҽхакы ҭбаала ахархәара змоу асоциалтә ҳақәа иреиуоуп 2004 шықәсазы жәабран 4 рзы Гарвардттәи ауниверситет астудент Марк Цукерберг иҩызцәеи иареи иаԥырҵаз Феисбук. Иахьа адунеи аҿы иҟоу адаҟьақәа рахьтә, уи зегь реиҳа ауаа рхы иадырхәо ирхыԥхьаӡалоуп. Ари аԥызҵаз Кембридж ақалақь аҿы аҵара зҵоз астудентцәа рхахьгьы иҟамызт, феисбук астудентцәа реиԥш адунеи зегь амҽхакны, Америка акыр иацәыхароу Аԥсны ашьаҭагьы арӷәӷәоит ҳәа. Феисбук иахьа аԥсуаа ҳаԥсҭазаара иагәылагылоуп, ауаажәларра ахьеицәажәо, ргәаанагарақәа ахьеибырҳәо ҭыԥуп ҳҳәар алшоит.

2011 шықәса раахыс саҭаауеит феисбук, абраҟа иаԥысҵеит администраторсгьы самоуп "Аҳәатәы" захьӡу агәыԥ. Иалоузеи сара сзы хәарҭарас феисбук? Зегь раԥхьаӡа иргыланы, араҟа исоуеит ажурналист зда дхәарҭам аинформациа, срыԥхьоит аинтернет информациатә хархәагақәа рҭыжьымҭақәа, еиуеиԥшым аналитикатә статиақәа, уҳәа, хра зло анҵамҭақәа. Еиқәысыԥхьаӡаз рыдагьы, схатә даҟьаҿы иқәсыргылоит афотоқәа, сҩызцәеи сареи иҟоуп алаф жәабжьқәа анаҳҳәо, насгьы хара иҟоу сҭахцәеи сареи ачат абзоурала хаҭалатәи ашәҟәқәа ҳабжьысуеит. Абарҭқәа инарҷыданы, иазгәаҭатәуп ҳазлацәажәо асоциалтә хархәагаҿы ишыҟоу еиуеиԥшым агәыԥқәа: аҭоурых, акультура, аполитикатә хырхарҭақәа змоу. Урҭ рҭааҩцәа ирҳәоит ргәаанагарақәа, иҟоуп аимак-аиҿак.

Ажәакала, феисбук ала, ауаажәларра рыхдырра ахырхарҭа еилукаар ауеит, уи адагьы, еилыкка иубарҭоуп иарбан политикатә еиҿкаарақәоу феисбук аҭааҩцәа зыдгыло.

Елеонора Коӷониаԥҳа : Аҽы иазымиааиуаз, акәадыр дасуан

Иазгәасҭарц сҭахуп, феисбук агәыԥқәа рҿы ишықәсыргыло Sputnik Аԥсны асаит аҿы ԥсышәала иркьыԥхьуа санҵамҭақәа, агәыԥқәа ирҭаауа аԥхьаҩцәа уи азы ргәаанагара рҳәоит, ажурналист изы ари акыр ихәарҭоуп. Иахьа Аԥсны иҭыҵуа агазеҭқәеи ажурналқәеи аԥхьаҩцәа рылараҵәараҿы рнырра злахьысҳахаз ала, исҳәарц сылшоит, сара сзы акыр ихәарҭаны ишысыԥхьаӡо феисбук аҭаара.

"Анонимцәа рдунеи"

Феисбук абзиарақәа шацу еиԥш, иҟоуп угәы иамыхәаша, аԥсуаа иҳацәтәымыз анонимтә цәырҵрақәа. Ари адаҟьақәа рҿы зыхьӡи зыжәлеи зымӡо, лабҿаба згәаанагра зҳәо ауаа шыҟоу еиԥш, "асабрада зҿаҵаны" зыҽҭазгало ауаа рацәаҩуп. Урҭ "раӷәра рҿыҵны", ирцәымӷу ауаа рзы аиакәым ҳәо ирышҳауа аинтернет ахсаала иҭагьежьуеит. Анонимтә даҟьақәа рҿы, анонимцәа реиԥш иҟоуп зхаҭара зырзо, зыхьӡ зымҵәахуа ауаагьы.

Зрительный зал в кинотеатре - Sputnik Аҧсны
Агәҭаны аиара…

Урҭ ишазгәарҭо ала, хшыҩзышьҭра арҭоит анонимцәа иқәдыргыло ажәабжьқәа, ауҳәансҳәанқәагьы надкыланы. Анонимцәа аиашазы ҵҩа рымам, ихадоу ацәаҳәаҿы уажәы уажә иаацәырҵуеит. Зны-зынла иаҳԥылоит, аиакәым зымҳәо анонимцәагьы. Урҭ рыхьӡ рызҳәом, аха аинтернет жәабжьқәа хшыҩзышьҭра рырҭоит, анҵамҭақәа рыҵаҟа ргәаанагарақәагьы анырыҩуа ыҟоуп, иара убас, иқәдыргылоит аҵабыг иазааигәо адокументқәа. Аха зегь акоуп, аноними уареи шәеицәажәара аимак —аиҿак ахылҵыр, иара ибз "бааӡоуп" ииҳәалак ҟалоит азы, аиакәым ухьиҳәар алшоит, убри аан аҭак зуҭо дазусҭоу уздыруам.

Аԥсуа аноним гәыԥқәа рҿы, уаԥхьар улшоит зхаҵа дказыжьыз, абзиабаҩ дышьҭызхыз, еилыҵыз, еилалаз уҳәа, алақмараԥшь ҟазшьа змоу ажәабжьқәа. Анонимцәа ирацәҳауа рацәаҩуп феисбук адаҟьаҿы, аха зегь акоуп урҭ ргәыԥ хәымгақәа ирҭаауеит дара зыхьӡ зымӡо ауаагьы. Анонимцәа рҳәынҵәа еиҳарак изгәыдырҭәало аполитикцәеи ажурналистцәеи роуп. Нас, уи иаԥхьо ихкыԥхьланы изызку ирзырҭиуеит, мамзаргьы, даҽа даҟьак аҿы иқәдыргылоит, ажәакала анонимцәа ранҵамҭа атираж иаздырҳауеит. Изызку ракәзар, ргәы ԥнажәоит, аҭак зырҭо дрыздыруам, аноним данонимуп, иаб ихьӡ аҳәара дацәыԥхашьозар иоухәараны иҟоузеи?!

Абасала, феисбук ацәаҳәаҿы хра злоу астатиақәеи авидео нҵамҭақәеи реиԥш, еилашуеит анонимтә ҳәамҭақәа. Амчраҿы иҟоу ракәзар, ари иацклаԥшуеит. Ачынуаа анонимцәа рҳәамҭақәа реиԥш, иара феисбук Аԥсны иаацәырҵзар, акритика рзызуа ауаагьы ирзыӷьашкуеит зны-зынла, аха авиртуалтә ҩырақәа иҳәынҭқарратәу аинформациатә хархәагақәа реиԥш рхыкәласра алшом аҟынтә, иазырура рзымдыруа ианаруалыуашо ыҟоуп.

Сухумская брехаловка - Sputnik Аҧсны
Аӡәы иԥҳәыс Кьацә ҳәа леиҳәан...

Уажәы аабыкьа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион иаланхо ауаажәларра данырԥылоз, асоциалтә ҳақәа ркәыкәылах ақәхра(стереть с лица земли) дазааҭгылеит. Иара иазгәеиҭеит, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, адепутатцәа иара иахь аҳәара шыҟарҵахьо "асоциалтә ҳақәа раркразы". Атәыла ахада имҳәеит уи азы мҩақәас иҟоу, аха иаиркыр цәгьа ишимбо ҳирдырит: "Џьара акаҿы ҳкылсны, ари азҵаатәы ҳаӡбып сгәахәуеит" — инаҵишьит игәаҳәара атәыла ахада, асоциалтә ҳақәа рабашьра мариоу џьышьаны.

Аиашазы, феисбук ахархәаҩцәа рахьтә ари аҩыза аидеиа иадгылаз рацәаҩым, амала абарҭ анонимцәа џьара акы рзыӡбатәуп ҳәа агәаангара змоу маҷҩым. Асоциалтә ҳақәа иахьа адунеи рҽырӷәӷәаны иалаҵәахьеит, урҭ раанкылара имариам усуп, анонимцәа ракәзаргьы, иара феисбук адунеи ианызҵаз хаҿрада арегистрациа аҟаҵара азин рырҭонаҵы раныхра уадаҩуп, акы заҵәык, ашәарҭадара амаҵзура аусуҩцәа ирылдыршар ауеит, урҭ анонимтә гәыԥқәа радминистраторцәа "рышьҭашәарыцара".

Аиакәым зыҩуа анонимцәа рахьырхәразгьы иаҭахыуп иҷыдоу азакәан, иҷыдоу ашәарҭадаратә мыругақәа, убри аҟынтә, апрезидент изынхаз аамҭа иалагӡаны анонимцәа рабашьра ахаҭыԥан, акоррупциа аҿагылара иҽазишәар, иҟалап, анаҩстәи иполитикатә шьаҿазы ихәарҭахар. Аҽы иазымиааиуаз акәадыр дасуан ҳәа, асоциалтә ҳақәа рабашьра хәарҭара дук аламзар ҟалап, егьырҭ иҳамоу ауадаҩрақәа ҳрыԥшны ҳәыцуазар.

R.S Иҿаҳәатәха феисбук аҳәарԥсарра иалоу анонимцәа раныхра акәзар, Марк Цукерберг ҟәыбҷа ихәыцит аблокировка захьӡу аҷақ (кнопка — аред). Уи ауаҩы алшара инаҭоит, аноним ииҩуа умбо, иҟеиҵо умбо иқәгаразы. Иҟоуп иара убас, анонимтә даҟьақәа рҭыҵразы алшара, уи уанҭыҵ, анонимцәа ргәыԥқәа зҿу уацәыхарахоит. Абарҭ еиқәысыԥхьаӡо алшарақәа рхархәарала, сара исылшеит анонимцәа "рҿаҳәара".

Администраторс сахьыҟоу агәыԥ "Аҳәатәы" аҿы, уи аԥҟарақәа инарықәыршәаны анонимцәа ҭасыжьлом, убри аҟынтә, феисбук адаҟьаҿы сынхоит ҟыҟда-ҿыҟда.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0