Руслан Дорошенко ҳацхыраара иҭахуп

© Sputnik Сария КварацхелияРуслан Дорошенко
Руслан Дорошенко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Томсктәи аҭҵаарадырратә кардиологиатә институт аҟны иазыхиоуп Руслана Дорошенко аоперациахь идкылара. Аоперациа миллионки 65 нызқь мааҭ иаԥсоуп.

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Жәаха шықәса зхыҵуа Руслан Дорошенко хәыҷык иҳасаб ала бзиа ибоит аҩра, аԥара, ахәмарра, аха урҭқәа аҳақьымцәа иҟалом рҳәеит, избанзар игәы амалыр аманы диит.

"Руслан ичымазара ахьӡ ҷыда амоуп: "Тетрада Фалло". Уи амалыр змоу агәы еиҳа иуадаҩу хкны иҟоуп. Ианаамҭо аоперациа ҟаҵамзар, аԥсра ахылҿиаар алшоит", — лҳәеит ахәыҷтәы поликлиника акардиолог Олимпиа Скакова.

Самир Габелия - Sputnik Аҧсны
"Ашана": ԥшьышықәса зхыҵуа Самир Габелиа ацхыраара иҭахуп

Лара лажәақәа рыла Руслан хәыҷы иаамҭа акыр икьаҿуп.

"Аҷкәын 13 шықәса ихыҵуеит. Ачымазара иахҟьаны ирыԥҳақәа ажьы рықәиаар ауеит. Ианаамҭо аоперациа ҟаҵамзар, нас акгьы ихәом", — лҳәеит лара.

Руслан Дорошенко аа-операциак ихигахьеит. Аҵыхәтәантәи, ажәбатәи, иԥсҭазаара иацнаҵоит.

"Уажәы ахәыҷы ирыԥҳатә артериа апротез азутәуп. Нас иаабац уаҩԥсык диеԥшхоит. Иара ишиҭаху еиԥш дзыспортсменхом, аха иԥсы ҭаны дыҟазаауеит" — лҳәеит акардиолог.

Томск имҩаԥырго аоперациа ахә дууп: миллионки 65 нызқь мааҭ иаԥсоуп. Аԥсны 319 000 мааҭ рзеизгар, иаанхо афонд апартниор "Русфонд" иашәоит. Ахәыҷы иҭаацәа зылшара маҷу ҭаацәароуп.

"Аоперациа хымԥада иҟаҵатәуп. Ахәԥса акыр иҳаракуп, ашьҭкаара ҳалшом. Ҳҭаацәара раагарҭа ԥкуп. Уаанӡагьы иаҭахны иҟаз ахәшәқәа зегьы Гал араион Ахадара иаҳзаанахәон. Ахәышәтәра зегьы Ҭемур Надараиа ихы иадҵаны ахә рхишәаауан", — лҳәоит ахәыҷы иан Ииа Чекориа.

Нар Тания: мы должны помочь Анеле Лакашия - Sputnik Аҧсны
Анела Лакашьиаԥҳа лзы аԥареизгара аҭахуп

Ахәыҷы хәыҷык иҳасабала дыҟазар шиҭахугьы уи аҩыза алшара имам.

"Икапан маҷуп. Аҩра, аԥара зынӡагьы иҟалом. Аҵатәқәа рыҟаҵарагьы макьаназ иҳалшом", — лҳәоит ан.

"Сара ашкол бзиа избоит. Уа аҩызцәа рацәаҩны исымоуп. Ҳаԥхьаҟа сара смилиционерхар сҭахуп" — иҳәоит Руслан хәыҷы.

Аоперациаз иахәҭо аԥара еизгахар, иҟалоит Руслан игәаҳәара наӡаргьы. Руслан ицхыраара ауеит аномер 5050 ахь смс нашәышьҭыр. Иара убасгьы иҟалоит амаҵзура "Перенос баланса" – "Благотворительность" ала аԥара нашәышьҭыр. Уи азы илхтәуп *147* ииажәго аԥара ахыԥхьаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0