Аԥсны аҵәахырҭатә банк акредиттә аалыҵ "Ахархәаратә" аиушьа

Анапаҵаҩра
75 шықәса ирҭымсыц дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ахь акредит аиуразы дадҵааларц илшоит.

Аулафахәытәи атәанчахәытәи акредитқәа инарываргыланы Аԥсны ауааԥсыра рзы еиҿкаауп апрограмма ҿыц "Ахархәаратә кредит". Апрограмма ҿыц иалахәхар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩра змоу зегьы. Акредит 200 000 мааҭ рҟынӡа агара алшоит, ашықәстәи апроцент иартәоит 24%. Акредит зго ихала ашәарақәа мҩаԥигалоит. Апрограмма ҿыц ала акредит иоурц Аԥсны атәылауаҩ Аҵәахырҭатә банк ахь днеиуеит ҩыџьа ахәдықәҵаҩцәа иманы. Ахәдықәҵаҩцәа абри абанк акарта "Аԥра" змоу ракәзароуп. Урҭ руаӡәк дтәанчаҩызароуп мамзаргьы асоциалтә шәарақәа зауа иакәзароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0