Аибашьра иахәхаз аромантик

© Foto / из личного архива семьи АджбаТаиф Аджба с супругой Риммой Когония
Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хабарда ибжьаӡыз рыбжьара дыҟоуп, аԥсуа поет, алирик, Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба. Апоет дыбжьаӡижьҭеи 25 шықәса иреиҳауп, абар сынтәа ҳаиҭаԥылоит апоет дызлиааз даҽа ааԥынрак иара илахьынҵа еилкааӡамкәа.

Аԥсны Аџьынтәылатәи аибашьра аамҭазы хабарда ибжьаӡыз рсиа 160 –ҩык иреиҳауп. Адуниежәларбажьаратәи Аџьар ҟаԥшь аусуцәеи, Аԥсны еиҿкаау Хабарда ибжьаӡыз рзы акомиссиеи, Анацәа рхеидкылеи русеицура иалҵшәаны 39 –ҩык азусҭцәоу еилкаауп, урҭ, рыԥсыбаҩқәа анышә иамардеит.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Аибашьра иахәхаз аромантик

Хабарда ибжьаӡыз рыбжьара дыҟоуп, аԥсуа поет, алирик, Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба. Апоет дыбжьаӡижьҭеи 25 шықәса иреиҳауп, абар сынтәа ҳаиҭаԥылоит апоет дызлиааз даҽа ааԥынрак иара илахьынҵа еилкааӡамкәа.

Ҳааигәа дыҟазҭгьы иахьа, Таиф Аџьба ихыҵуан 79 шықәса. Таиф Аџьба иҩны ддәылганы дыргеит 54 шықәса дшырҭгылаз жьҭаара 9 1992 шықәсазы. Аӷа хәымга инапы наӡеит, аԥсуа лирика зырҿиоз апоет шьахә иҟынӡа. Аибашьра анцоз апоет дахьыргаз азы, Гәдоуҭа амитингқәа еиҿыркааит, апоет ихабар аилкааразы ақырҭуа ганахь акыр аҳәамҭақәа ҟарҵеит аԥсуаа, аха ҳаӷацәа ҽырдагәа руит, иара иахьа уажәраанӡагьы, дара рганахь ала апоет иҭархара иақәыӡбазгьы дыҟам.

апоет Таиф Аџьба - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьбеи "Аԥра шкәакәеи"

Таиф аибашьра анцоз иныҟәигон амшынҵа, уи аҩырақәа аниҵон даныргаз аҽнынӡагьы. Иҟалап усҟан гәҩарас имамызҭгьы, имшынҵақәа шракәхоз аҵыхәтәаны инапы иҵихуаз арҿиамҭа.

Еибашьран, апоет ажәеинрала аҩра игәы ахымызт: "Сгәы ҭынчым. Апоезиа зынӡа сацәҟьалеит, ииашаҵәҟьоуп ирҳәо: когда пушки гремят- музы молчат", — ҳәа иҩуеит иара цәыббрамза 3 рзы имшынҵаҿы, апоезиа аҽазкра игәы шахым аарԥшуа.

Жьҭаара 9 ахәаша, 1992 шықәсазы Таиф иҟаиҵоит аҵыхәтәантәи ианҵамҭа "Иаха ҭынчран, ақәа леиуан, заа ҳашьҭалеит. Ашарԥазы ҳанааԥш алашара ыҟаӡамызт, аӡы усгьы иааиӡомызт. Асааҭ ааба рзеиԥш, алашара ҟалеит, аха ателехәаԥшра аус ауӡомызт, жәба рышьҭахь иаалагеит, аха ҳара иҳазкны егьамҳәеит. Уажәы асаат жәаба ҟалахьеит, макьана ҭынчроуп, хысбжьы гом. Хьҭоуп, ақәа шналагара иҟоуп, иаҿыҵышәшәоит…". Абри аниҩы даҽа ҩ-сааҭк рышьҭахь Таиф ақырҭуа гвардеццәа дыргоит.

Трагедиала зыԥсҭазаара ахыркәшара зқәашьыз аромантик, имшынҵақәа рҿы знымзар-зны ицәыримгеит аибашьра ҳаҵахар ҟалоит ҳәа, заҟа дҭынчыз аҟара, ҩныҵҟала дыӷәӷәан, уимоу, ианиҵоз аҩырақәа рҿы иаҳбоит аибашьра ианалага, ишәаҟьаны Аҟәа иалаз аԥсуаа ргәы ширӷәӷәоз. "Зегь ргәы каҳаны иҟоуп. Ҳалгеит, ҳара ҳтәы егьыҟам рҳәеит. Шәаангыл, ус акәым, ҳазҵаара етапк ала ишырзымыӡбоз еилкаатәуп, наҟ-наҟ аргьы алыргап, иҵегьы аицәажәарақәа ҟалап ҳәа ргәы сырӷәӷәарц иақәыскит",- ианиҵоит апоет имшынҵаҿы сентиабр 4 рзы.

Таиф Аџьба аԥсуаа џьоукы-џьоукы рыгәкаҳара дазыхынҳәуеит сентиабр 5 рзтәи ианҵамҭаҿгьы: "Аԥсуаа саазықәшәалак зегьы ргәы каҳаны иҟоуп. Даара сацәшәоит ҳара, ҳара ҷан-ҷаны ҳаибакыр ҳәа. Амилаҭ иаадырԥшыоруп аҟәышра, иаҳагьы рҽеиладырҵәароуп. Ҳкурс хада-ахьыԥшымра азықәԥара ҳақәныҟәалароуп". Таиф аибашьра ианалагаз Аҷандара дыҟан, аха арахь аҳҭны қалақь ахь дааит авгус 15 рзы. Дшааизҵәҟьа, Ашәҟыҩҩцәа реидгылахь дцан, иусурҭа ауадаҿы имаз иархив иманы дааит аҩныҟа. Ила иабо зегь аҭоурых азы ишхәарҭахо дырны апоет имшынҵа ҩызас ишьҭыхны аус адиулон: "Иахьа Аԥсны зҭагыло адрама сахьаркырала аарԥшра мышкы-зны иаиуп уеизгьы. Аҭоурых —ҭоурыуп, ицәгьа ибзиа иааҟало зегь гәынкылатәуп, ианҵалатәуп", — ҳаԥхьоит Таиф имшынҵаҿы.

Ииашаҵәҟьаны, апоет имшынҵа зеиӷьыҟам ҭоурыхтә нҵамҭоуп, уи иккаӡа иаанарԥшуеит иҳабашьуаз адунеи ҳаныхра хықәкыс ишимаз. Таиф имшынҵа ҳаиҭанагәылаԥшуа, даҽазныкгьы ҳамҩашьо агәра ҳгоит иара иԥсадгьыл ахьаа зегь раԥхьа иширгылоз: "Адунеи зегь аҿаԥхьа ажәлар маҷ ықәырхуа, зинк рымаӡамкәа, ақырҭқәа ирҭаху мацара иаго изыҟалом",- ҳаԥхьоит Таиф имшынҵҿы сентиабр 3 рзтәи ианҵмҭаҿы. Апоет есыҽны ииҩуаз имшынҵа хиркәшон "Анцәа бзиала иаҳзырша" ҳәа, Ҳаиҳа зымчу иахь ихы рханы, ижәлар зҭагылаз агәаҟра лыԥхала ралҵра дазгәышьуа.

Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны
Ихнымҳәыз апоет: Таиф Аџьба игәаларшәаразы

Апоет даныргоз иҭәымҭа дҭагылан, уи ипоезиатә ԥсабара ԥшӡа иалаз абжакгьы алымшацызт. Аибашьра аԥхьа, 50 ш анихыҵуаз, раԥхьаӡа акәны иҭыҵит иажәеинраалакәа реизга "Аныҳәаԥхьыӡ". Апоет игәҭакқәа рацәан, аамҭак азы, апроза маҷ иҽазикуа далагеит. Знымзар-зны Таиф Аџьба амал сырҳандаз, ауаа ирымым сымандаз ҳәа далацәажәо дысгәалашәом. Иахьагьы сыбла ихгылоуп, зыҩнгьы иԥхашьа-ԥхаҵо иҩназ, зыбжьы ҳаракны имцәажәоз апоет благәыӷра ихаҿсахьа. Апоет ишыжь каҳуаршрала иалагон, уи иара ритуалҵас ишьҭыхны иман. (Таиф данырга ашьҭахь, иԥшәмаԥҳәыс Гәдоуҭаҟа данца, апоет иҩны иҩназ ақырҭуа гвардееццәа ианцоз иргеит Таиф бзиа иибоз икаҳуаршыга). Таиф дахьынхоз иҩны изалхын аус ахьиушаз ауда хәыҷы, убра иҽыҩнакны, икьыԥхьга машьына ашьҭыбжь ада, даҽак умаҳауа ҭынч аус иуан апоет. Таиф инапы рылакын аиҭагара, иҩуан астатиақәа, аха зегьы ирыцкын иара изы апоезиа:

Абри ашьха ду ақәцәан сызхалар,

Схәыцуан убас сара зны,

Убрантә нас еҵәакгьы шапшапуа,

Искып ҳәа снапы ҩакӡаны.

Абас идгьылтәым агәҭхәыцрақәа змаз апоет иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа гвардееццәа. Уаҳагьы наӡашьа амоуит аромантикатә цәаҩа змаз апоет игәахәтәы. Абар сынтәагы ҳаԥылоит апоет 79-тәи иирамш, иара дзыниаз нагӡаны еилкаамкәа.

Схәыцуеит есқьынагьы, иалшоз зегь ҟанаҵама ҳҳәынҭқарра, апоет дҭадырхазар иԥсыҩбаҩ ахьыҟо аилкааразы? Мап, хәа сгәы иаангоит, избанзар, аԥсуаа адунеи иқәнаҵы, аԥсшәа гонаҵы зпоезиала ҳгәаҵа зырԥхо апоет ихабар аилкаарзы, ҳҳәынҭкарра иаӷьны ақырҭуа ган аҿаԥхьа азҵаатәы азықәмыргылеит аибашьра ашьҭахь. Ақырҭуа террористцәа ҳбахҭақәа ирҭыганы изтәу рахь ианаҳашьҭуа, иҳақын апоет иҿаԥхьа, знык иадамзаргьы — Таиф Аџьба ихабар еилышәкаанӡа, аӡәымзараӡә дшәаҳҭом ҳәа ҳҳәынҭқарра амаа зку ирҳәазҭгьы. Ақырҭуа ган акгьы рзымдыруа иҟам, аха урҭ рхала ахаангьы ицәырыргом апоет иҭархашьа аӡбахә. "Амилаҭ ду" ҳәа зхы иазызыԥхьаӡо ақырҭқәа апоет иеихсны дшыршьыз адунеи иаҳар ахьырҭахым аҟынтә, иахьа уажәраанӡа Таиф Аџьба хабарада ибжьаӡыз рсиаҿы дыҟоуп.

Ааԥын иалиааз апоет Таиф Аџьба иҟамзаара ахьаа ду ацуп, аха иара ҳара ҳирԥхоит иаҳзынижьыз илыԥшааху поезиатә цәаҳәала.

"Сыԥсадгьыл, сыԥсадгьыл, нас, уараҵәҟьагьы агәра угома сыԥсра?", — ҳәа апоет иԥсы анҭаз иҟеиҵаз азҵаатәы џьашьахәуп, иара илахьынҵа зеиԥшрахаз ҳаназхәыцуа.

25 шықәса иара ида амҩа ҳанысуеит, 25 шықәса еихсыӷьӡом Таиф Аџьба ихабар аилкааразы агәыӷрагьы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0