Табаӷәуа: аԥсуа паспорт аиура атәылауаҩ имилаҭра иадҳәалам

© Sputnik Амра АмичбаСлушание по вопросам выдачи новых абхазских паспортов
Слушание по вопросам выдачи новых абхазских паспортов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, хәажәкыра 20 рзы Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысит апаспорт-визатә маҵзура, апрокуратура хада, апарламент адепутатцәа рхаҭарнакцәа злахәыз аԥсуа паспортқәа рыбланк ҿыцқәа рыҭара азҵаара алацәажәара.

АҞӘА, хәажәкыра 21– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсуа паспортқәа рыԥсахра амилаҭ-цәа ахаҵара ахәҭаны иҟам иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа аилацәажәараҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба аԥшьаша, мшаԥымза 20 рзы имҩаԥигеит апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Аҩныцҟатәи аԥсуа паспорт ҿыц ала Урыстәылаҟа ацара ҟалоит

Аилацәажәара иалахәыз Аԥсны атәылауаҩ Елена Кувичко еиҭалҳәеит лпаспорт аԥсахраан дзыниаз аԥынгылақәа ртәы. Лара дазааҭгылеит милаҭлаиаԥсыуам апаспортқәа рыԥсахраан проблемақәас ирызцәырҵуа атәы.

Лара лажәақәа рыла иахәҭаны иҟаз адокументқәа зегьы еиқәлыршәеит, аха 1994 – 1999шш. рзы Аԥсны анҭыҵ аҵарахь дшыҟаз анеилыркаа лаԥсуа тәылауаҩра ашьақәырӷәӷәара апроцедура дахысырц лыдырҵеит.

"Сара сҭаацәа ара инхоит, сара сеиԥш даргьы Аԥсны иатәылауаауп. Сара сҭаацәа 1953 шықәса раахыс иахьынхо аҭыӡҭыԥ аҿы сҭаҩуп. 1998 шықәса рзы сҵара хыркәшаны арахь схынҳәит. Аус зуеит, ашәахтәқәа сшәоит. Атәылауаҩра ашьақәырӷәӷәара мап ацәыскит", — лҳәеит лара.

© Sputnik Амра АмичбаСлушание по вопросам выдачи новых абхазских паспортов
Слушание по вопросам выдачи новых абхазских паспортов - Sputnik Аҧсны
Слушание по вопросам выдачи новых абхазских паспортов

Ауаажәларратә палатаҿ аилацәажәара иалахәыз адепутат Баҭал Табаӷәуа иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы Аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа ирабжьигеит аинструкциа аилкаара ариашара аҭахарц.

"Аӡәгьа аҭакԥхықәра даҵагылар иҭахым. Зегьы ишәгәалашәоит 2014 шықәса рзтәи аполитикатә процессқәа зыхҟьаз атәылауаҩра азҵаара ишадҳәалаз. Убри ашьҭахь лахь рырҭо иалагеит апаспорттә столқәа рнапхгаҩцәа. Зегьы ижәдыруеит 2005 шықәса рзы ирыдыркылаз азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩразы" ззырхаз. Уи азакәан ала Гал араион ауааԥсыра, ақырҭуа тәылауаҩрагьы зманы иҟаз, ралхратә зинқәа ԥкхон, аиҳаракгьы абџьар зкыз аԥсуа тәылауаҩра роура ԥнакуан", — иҳәеит иара.

Ауаажәларратә палата азиндырыҩ Олег Папасқьыр иажәақәа рыла иахьазы 1994 — 1999 шықәсқәа рзы Аԥсны аҟамзаара апаспорт аиура иаԥырхаганы ишьам.

Паспорт - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа паспорт ҿыц 450 мааҭ иаԥсахоит

"Азакәан ауаа рҭагылазаашьа аруадаҩуеит, рзинқәа еиланагоит, иахьатәи аамҭа иақәшәом", — иҳәоит иара.

Аԥсны атәылауаҩ Аԥсны анҭыҵ иҟазаара иара итәылауаҩра иаԥырхагамзароуп.

"Апаспорт аԥсахраан Аԥсны шәахьыҟамыз азы Аԥсны атәылауаҩра шәцәыӡит анырҳәо изҳәо ирдыруазароуп атәылауаҩра ахыхра зылшо аҳәынҭқарра Ахада заҵәык шиакәу", — иҳәеит иара.

Аҩаша, хәажәкыра 20 рзы Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысит апаспорт-визатә маҵзура, апрокуратура хада, апарламент адепутатцәа рхаҭарнакцәа злахәыз аԥсуа паспортқәа рыбланк ҿыцқәа рыҭара азҵаара алацәажәара.

© Sputnik Амра АмичбаСлушание по вопросам выдачи новых абхазских паспортов
Слушание по вопросам выдачи новых абхазских паспортов - Sputnik Аҧсны
Слушание по вопросам выдачи новых абхазских паспортов
Ажәабжьқәа зегьы
0