Имҩаԥысит ҳџьынџьуаа амедалқәа ранашьара ацеремониа

© Sputnik, Бадрак АвидзбаВручение юбилейных медалей в Госкомитете по репатриации
Вручение юбилейных медалей в Госкомитете по репатриации - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан Аԥсни аҳәаанырцә инхо аԥсуа диаспореи реимадарақәа рырӷәӷәара хықәкны иҟаҵаны хәажәкыра 23 1993 шықәса рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 25-шықәса ахыҵра инамаданы  имҩаԥысит  аиубилеитә медалқәа ранашьара ацеремониа.

Абхазская сотня. - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых зҵалатәу - аҭоурых удырырц азы акәӡам

 "Иҳаҩсыз 25 шықәса иаҳдырбеит иҳалшази иҳалымшази, иҟаҵатәны иҟоуи иҟами. Исҳәар сылшоит ҳара ԥхьаҟатәи ҳусураҿы иҳамоу аԥышәа ҳхы иаҳархәар шҳалшо. Иахьа абра ҳаизеит аиубилеитә медалқәа шәанашьаразы» — иҳәеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Еркан Қәҭарба.

Аиубилеитә медалқәа ранашьан Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Нхыҵ Кавказ уҳәа инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәа. Иара убасгьы амедалқәа ранашьан ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аџьа збахьоу Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа.

© Sputnik, Бадрак Авидзба Вручение юбилейных медалей в Госкомитете по репатриации
Вручение юбилейных медалей в Госкомитете по репатриации - Sputnik Аҧсны
1/4
Вручение юбилейных медалей в Госкомитете по репатриации
© Sputnik, Бадрак АвидзбаВручение юбилейных медалей в Госкомитете по репатриации
Вручение юбилейных медалей в Госкомитете по репатриации - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

"Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит 25 шықәса дуӡӡа абри аус адгылара азҭоз ауаа",— иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд «Аԥсны" апрезидент Сенер Гогәуа.

 Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан Аԥсни аҳәаанырцә инхо аԥсуа диаспореи реимадарақәа рырӷәӷәара хықәкны иҟаҵаны хәажәкыра 23  1993 шықәса рзы.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара напхгара арҭон: Нугзар Ашәба, Фениа Аҩӡыԥҳа, Гиви Допуа, Аполлон Шьынқәба, Анзор Мықәба, Зураб Адлеиба, Хьрыпс Џьопуа, Вадим Ҳаразиа. Иахьа иара анапхгараҿ дыҟоуп Беслан Дбар.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

2013 шықәса рзы агуманитартә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иааган 500-ҩык рҟынӡа Шьамтәылатәи аԥсуаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0