Саида Саӡԥҳа: уԥсы аҵаҵаны ахаа-мыхаа аныҟауҵо, агьама ҷыдагьы аиуеит

© Sputnik / Из личного архива Саиды ЖибаСаида Саӡԥҳа
Саида Саӡԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩышықәса раахыс, амажәа иалхыу ахаа-мыхаақәа рыла Гагра ақалақьуаа зыргәырӷьо Саида Саӡԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, урҭ рыҟаҵашьа иаҵоу амаӡақәа ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Саида Саӡԥҳа дышқәыԥшӡаз, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз Хышаа рҭаацәара дрыналагалеит. Дара есқьынагьы асасцәа рҭаауан. Ирзааигәаӡаз рҭынхацәа дреиуан Владислав Арӡынба. Иара данрызнеиуаз, анхәеи ҭацеи иреиӷьу чысла аишәа издырхион.

© Sputnik / Из личного архива Саиды ЖибаСаида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа
Саида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа - Sputnik Аҧсны
Саида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа

"Убас ҳасас ду иҩызцәеи иареи ҽазныктәи раара аан, санхәа дыҟамызт. Схала сҽазысшәеит асас дахь ихәы аҟаҵара. Исыӡбеит ачашә сӡырц, аха исықәманшәаламхеит. Уи еилызкааз асасцәа, сгәы кармыжьырц, снапкымҭа дырҽхәеит. Ахәылбыҽха санхәа данааи, агьама лырџьеит. Убасҟан сгәы иҭысҳәааит "ишәымбари, шәаҵкыс ачыс хааны аҟаҵашьа сымҵозар" ҳәа" — алаф ахҳәаауа, раԥхьатәи лчашә шылӡыз лгәалалыршәоит Саида.

© Sputnik / Из личного архива Саиды ЖибаСаида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа
Саида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа - Sputnik Аҧсны
Саида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа

Убри амш инаркны, аҭаца ланхәа длацлабны, агазеҭқәеи, ажурналқәеи рҟнытә еиуеиԥшым амилаҭ чысхкқәа рыҟаҵашьақәа ахьаныз ихҩылааны, афатә хаақәа рыла лҭаацәа лыргәырӷьо далагеит. Хҩык ахшара рааӡареи, анхамҩа аныҟәгареи инаваргыланы, Саида лгәылацәагьы лҩызцәагьы аамҭа рзылԥшаауан. Есышьыжь, акаҳуа анеицыржәуаз, лара лахь иаауама, мамзар дара рахь днеиуама лыхаа-мыхаақәа рыда реидтәалара мҩаԥысуамызт.

Ҩышықәса раԥхьа, Саида лҩызцәа илабжьаргеит, лчысхкқәа адәқьанқәа ирылалырҵәарц.

"Азнак азы сҩызцәа рабжьгара схахьы иаазымгеит. Аха санхәыц, схәыҷқәа ирызҳаит, рхатә ԥсҭазаара рымоуп, сара амш хәлаанӡа аҩны сыҟоуп, гәырҿыхагасгьы исзыҟалоит, иалҵуагьы збап сҳәан аус снадгылеит", — ҳәа ҳаиллыркааит Саида.

© Sputnik / Из личного архива Саиды ЖибаСаида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа
Саида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа - Sputnik Аҧсны
Саида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа

Саида Саӡԥҳа еиҳараӡак амажәа иалхыу ахаа-мыхаақәа роуп аҭиразы илырмазеиуа. Ақалақь аҟны акаҳуажәырҭа змоу лҩыза Оксана Григолиаԥҳаи лареи аусеицура иалагеит. Саида лчыс еизакны, уахь илшьҭуеит.

Ахаа абзиабаҩцәа изларҳәо ала, Саида лнапкымҭа егьырҭ ирылукаауеит. Иаҳҳәап: "Аҵысхш", "Киевтәи", "Чаиковски", "Асыц", "Напалеон" захьӡу атортқәа, ашәыри, аргәыци згәылоу ачашәхаатәқәа, акексқәа уҳәа ухызхуа даара ирацәоуп.

"Иахьа ԥыҭҩык аинтернет дырџьоит, аха сара иалызго рацәоуп. 30 хкы амажәа иалхыу мрагыларатәи европатәи ахаа-мыхаақәа рыҟаҵашьа сҵеит. Иҟоуп схала исхәыцқәазгьы", — ҳәа азгәалҭоит ачыс азҟаза.

Саида аԥсуа чысқәа рыҟаҵараҿгьы илыцназго рацәаҩым. "Лчашәқәа мацара зыԥсоузеи, уҿаӡҭуа ицоит", — рҳәоит лчыс абзиабаҩцәа.

Саида Саӡԥҳа афатә ҟаҵараҿы лхы иалырхәо зхаҭабзиара ҳаракыу аалыҵқәа роуп, насгьы лыԥсы аҵаҵаны ианыҟалҵо, агьама ҷыдагьы аиуеит. Убри ауп маӡасгьы иаҵоу лчыс хаа.

Афатә ҟаҵара анаҩс, есааира Саида линтересқәа рыҽдырҭбаауеит.

Уажәааигәа, лнаплыхқәа иреиуахеит "агазеҭтә шышра" захьӡу ахырхарҭагьы. Лара илԥахьоу акаҵкәыр хәыҷқәа, еиуеиԥшым аԥшшәқәа анырхалҵа, убла хыркуа иҟалеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаСаида Саӡԥҳа
Саида Саӡԥҳа - Sputnik Аҧсны
Саида Саӡԥҳа

"Снапы зласкыз "агазеҭтә шышрагьы" аинтернет аҟноуп иахьызбаз. Урҭ рԥара снапы асыршьцалеит. Акаҵкәыр анымазеихалак, аҷабга бжьысшьуеит, исшәуеит, иахьысшьуеит алак" — лҳәоит анапҟаза.

Саида лкаҵкәырқәа, лыхаатәқәа рыла ирҭәны ҳамҭас илшоит. Жәытә аахысгьы, аԥсуа ԥҳәыс лнапы злакыз даара ирацәан, уи лҭаацәа зегьы арԥшӡон, еиҿнакаауан.

Саида Саӡԥҳа иахьатәи аҳәсеи аҭыԥҳацәеи ԥыҭҩык лҿыԥшыр, аԥсуа ичеиџьыкеи исасдкылареи шмыӡуа агәра ҳгон.

© Sputnik / Из личного архива Саиды ЖибаСаида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа
Саида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа - Sputnik Аҧсны
Саида Саӡԥҳа иҟалҵо аха-мыхаақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0