Аполитолог: Трамп урыстәылатәи адипломатцәа ихы иаирхәыр иҭахуп

© Фото : из личного архива Николая ТрапшНиколай Трапш
Николай Трапш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ (США) иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адипломатиатә еилазаара ахыԥхьаӡара абжараҟынӡа еиҵатәхоит, уи адагьы Канада, Украина, Евроеидгыла атәылақәа 15 рҟынтәи урыстәылатәи адипломатцәа атәыла иалцахоит ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль иԥсра инадҳәаланы.

АҞӘА, хәажәкыра 27– Sputnik. Урыстәылатәи адипломатцәа Европа атәылақәа рҟынтәи рықәцара ихы иархәаны, Дональд Трамп иҭахуп имаҵзурахьы Урыстәыла ахархәарала днеиит ҳәа иаҽыԥнырҳәо иҽацәихьчарц, ихы ирыцқьарц. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аполитолог Николаи Ҭраԥшь.

Аполитолог урыстәылатәи адипломатцәа атәыла ралцаразы иарбанызаалак ҵаҵӷәы ыҟам ҳәа агәаанагара имоуп.

США высылает российских дипломатов из страны - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи адипломатцәа рхыԥхьаӡара абжараҟынӡа еиҵатәхоит

"Скрипаль иус цәырымҵыргьы аҽа мзызк рыԥшаауан. Ҳара уаанӡагьы иаабахьан америкатәи азакәанԥҵара еилаганы Сан-Франциско Урыстәыла аконсулра шадыркуазгьы", — иҳәеит иара.

Николаи Ҭраԥшь игәаанагарала иҟоу аҭагылазаашьа азхәыцра зҭаху акоуп.

"Урыстәыла амилаҭтә интересқәа ахьчарц аҭахызар, иазыхианы иҟазароуп аҿагылара. Урыстәыла агеополитикатә интересқәа рыхьчара гәҭакны ишамоу шаарбаз еиԥш рҽеидкыланы ауснагӡатәқәа еиҿыркааит. Зегьы ирдыруеит арҭ асанкциақәа Евроеидгыла атәылақәа жәпакы рзы хра рыманы ишыҟам", — иҳәеит иара.

Ҭраԥшь иазиԥхьаӡоит Урыстәыла ахатә позициа ахьамоу ЕАШ (США) иазыхгом ҳәа. Аполитолог иазгәеиҭеит адипломатцәа атәыла ралцара ахҟьа-ԥҟьақәа шаиуа ишазымхәыцуа.

"Урыстәыла аҩныҵҟа арҭ ауснагӡатәқәа аӡәгьы ҳахнарҵәеит ҳәа рзиҳәом, дара алазгало рахь агәынамӡара ада. Ауснагӡатәқәа Урыстәыла иаакәыршаны аҳәаа аркрахь икылнагоит ҳәа аҳәарагьы иашам. Урыстәылеи Евроеидгылеи зынӡа еинырра рымамкәа ҟалашьа амаӡам. Мышкызны зегьы еилыркаашт асанкциақәа феидак шаарымго", — иҳәоит Ҭраԥшь.

ЕАШ (США) иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адипломатиатә еилазаара ахыԥхьаӡара абжараҟынӡа еиҵатәхоит, уи адагьы Канада, Украина, Евроеидгыла атәылақәа 15 рҟынтәи урыстәылатәи адипломатцәа атәыла иалцахоит ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль иԥсра инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0