АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГиндия Сатбей
Гиндия Сатбей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 29 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Саҭбеи Гындиа Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ихаҭыԥуаҩыс Саҭбеи Гындиа икандидатура иадгыларц рыдигалеит иколлегацәа.

Саҭбеи Гындиа уаанӡа амцарцәара-еиқәырхаратә маҵзура аиҳабыс аус иуан.

Аминистрцәа Реилазаара еицҿакрыла рыбжьы рҭиит Саҭбеи Гындиа Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихыҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0