Ашьапылампылтә клуб "Леон-Гагра" Шәачатәи атурнир аҿы аԥыжәарақәа аиуит

© Фото : предоставлено: Георгием АрутюновымДетско-юношеский футбольный турнир "Кубок черного моря"
Детско-юношеский футбольный турнир Кубок черного моря - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы шьапылампылтә турнир "Весенний кубок Черного моря" мҩаԥысит Шәача, хаж́әкыра 25 инаркны мшаԥы 1 аҟынӡа. Иара иалахәын Аԥснытәи ашьапылампылтә клуб "Леон Гагра".

АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Ашьапылампылтә клуб ахәыҷтәы командақәа "Леон-Гагра" Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы шьапылампылтә турнир "Весенний кубок Черного моря" аҟны аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныркылеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аклуб азыҟаҵаҩ Георги Арутиунов.

Ахәыҷтәы команда "Динамо" атурнир аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.

"6-7 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рыбжьара ҳкоманда актәи аҭыԥ ааннакылеит, 2010 шықәса ииз рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит. Ахәыҷқәа ибзианы рхы аадырԥшит. Алҵшәақәа акыр ҳгәы ҟарҵеит", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Иара убасгьы иалкаахеит ахәмарыҩцәа: атурнир иреиӷьу ахьчаҩ ҳәа далыркааит Герман Конџьариа, иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа ихьӡ рҳәеит Амир Амҷба, Лука Конџьариа "Приз зрительских симпатий" иаҭәашьахеит, аҳаҭыршәҟәқәа "Лучший игрок своей команды" роуит Франц Агрбеи Ҳаит Барц.

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы шьапылампылтә турнир "Весенний кубок Черного моря" мҩаԥысит Шәача, хажәкыра 25 инаркны мшаԥы 1 аҟынӡа. Иара иалахәын Аԥснытәи ашьапылампылтә клуб "Леон Гагра".

Ажәабжьқәа зегьы
0