Арсалиа аҳәынҭавтоинспекциа иазкны: аусуҩцәа ҳазхаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа еиҿкаан 1936 шықәсазы
Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа еиҿкаан 1936 шықәсазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа еиҿкаан 1936 шықәсазы. Sputnik арадиостудиаҟны аҳәынҭавтоинспекциа аусушьа атәы дазааҭгылеит Аԥсны аҳәынҭқарратә автомабилтә хылаԥшра аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Арсалиа.

Sputnik

— Геннади Анатоли-иԥа раԥхьаӡа иргыланы ишәыдаҳныҳәалоит шәпрофессионалтә ныҳәа. Ишԥазгәашәҭои ари амш?

— Иахьатәи аныҳәа азгәаҳҭоит аусратә мшла. Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа ес-ҽны иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауеит, уахгьы-ҽынгьы, уи зегьы ирбартә иҟоуп. Иахьа аҳәынҭавтоинспекциа иаҵанакуа аԥыԥшырҭақәа зегьы аус руеит, ишахәҭоу еиԥш.

- Ааигәа аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа мҩаԥысуан, уаҟа ахылаԥшра ҟашәымҵеит ҳәа џьоукы-џьоукы иазгәарҭон. Ишԥаҟалеи ус?

— Есышықәса еиԥш сынтәагьы аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аҿы ҳара ҳусуҩцәа ахылаԥшра арҭон. Изымбаз итәы сыздыруам, уи аҽакуп. Аусуҩцәа ес-шьыжьы ирымоуп дҵас амҩа ду иазааигәоу абжьаратә школқәа рыҟны ахылаԥшра аҭара. Ахәыҷқәа ашкол аҟны иахьынӡаҟоу даргьы ааигәа игылоуп. Машәыр ҟамларц азы уи хықәкыла ҳацклаԥшуеит. 

- Аинспектор иусуратә мшы анбалаго? Аусуҩцәа рҽырԥсахуама, аԥсшьарымшқәа рымоума?

Аԥсны автоинспекциа: арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкуа ахараԥса рыдҵалатәуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны автоинспекциа: арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкуа ахараԥса рыдҵалатәуп

— Хықәкыла ус асааҭ азгәаҭаны иҟаӡам аинспекторцәа рзы. Иаҭахызар асааҭ ааба рзы, иаҭахызар ԥшьба рзы инеироуп. Аиаша ҳҳәозар, ауаа ҳазхаӡом, араионқәеи ақалақьқәеи рыҟны иҟоу аппаратқәа ацхыраара ҳәа ҳдәықәырҵоит. Аԥсны аҩныҵҟа акы анымҩаԥысуа аума, асасцәа дуқәа анаауа аума – ҳаргьы аусура ҳдәылҵуеит.  Аинспекторцәа рзы иҟоуп русуратә график. Уахыки-ҽнаки аус зуз еиҭа аусутә аныҟоу аусра даназаҳкуа ыҟоуп, иахьаҭаху дцароуп. Ажәакала, ауадаҩрақәа маҷӡам.

- Ауадаҩрақәа ртәы анаҳҳәа. Уи азҵаарахь ҳаиасаып, еилыскаарц сҭахын амҩатә ныҟәарақәа рыԥҟарақәа аԥсахра ҳәа акыр алагалоума?

— Амҩатә ԥҟарақәа еснагь аԥсахрақәа алаҳгалоит. Есымша ҳашьҭоуп еиҳа излеиӷьхарызеи ҳәа. Аԥҟарақәа рзы аиқәымшәарақәа ахьыҟоу аҭҵаара иаҿуп аспециалистцәа, иангәарҭалак ашьҭахь нас ақәҵара рыдыркылозар акәхап. Аха апроцесс еснагь ицоит. Ижәдыруазар акәхап Бзыԥҭа, Приморск аҳәынҭавтоинспекциа иаҵанакуа аԥыԥшырҭақәа рыҟны авидеогәаҭара асистема ҿыцны иаартуп. Уи аусушьа аганахьала аԥсҟы зку рҟынтә азҵаарақәа рацәаны ицәырҵуеит. Дара ирҳәо зны-зынла ииашоуп, аха ишашьцылоу еиԥш аныҟәара шьҭа иауӡом. Иахьазы инагӡаны амҩа аҟны игылам адыргақәа, амҩатә рбагақәа, уи аҟны ҳрықәшаҳаҭуп. 

Геннади Арсалиа Sputnik еиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра >>

- Аҳәынҭавтоинспекциа аусушьа ауаҩы ибаратәы иҟоуп. Уи аҟынтә ауадаҩрақәа шәусураҿы ишәԥылоит. Аусуҩцәа рзымхара шыҟоу шәҳәеит, аус зурц зҭаху аҵара рҵарц абарылшо?

— Аҳәынҭавтоинспекциа аусураҿы иҟоуп ауадаҩрақәа рацәаны: аиҿкаараҿы, атехникала аиқәыршәараҿы. Аусуҩцәа ахьазымхогьы ыҟоуп, иҟоуп иахьазхогьы раионла иугозар. Аҟәа ақалақь аҟны ауаа ҳазхаӡом. Аусуҩцәа реиҳараҩык Аҟәатәи амилициа ашкол иалгаз роуп, насгьы Урыстәыла аҵараиурҭақәа ирылганы иааз. Иҳәатәуп, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҵара ҳәа ауаа шырышьҭуа. Аусуҩцәа рыпрофессионалтә ҩаӡара аизырҳаразы аусурақәа цоит. Алҵшәақәа ртәы макьаназы исызҳәом, аха апроцесс хацыркуп. 

Рауль Ҳаџьымба ихы алаирхәит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлегиа аилатәара - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба ААИ (ГАИ) аусзуҩцәа рзы: ицозар мап ҳәа раҳҳәом

- Ааигәа атәыла ахада Рауль Ҳаџьымбеи аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәеи аицәажәара ӷәӷәа рыман, ирҩыз арзаҳалқәа иахҟьаны. Иабанӡанеихьоу ари аус?

— Иҟан иԥшӡамыз ахҭыс, уи зхылҿиаазгьы уаанӡа исҳәоз апроблемақәа роуп. Автоинспекциа аусуҩцәа русура ахылаԥшра ахьыҟаҳҵаз ауп. Ишыжәдыруа еиԥш, жәаҩыла ирҩит арзаҳалқәа аусура ишаҟәыҵуа ала, аха нас аусуратә гәаҭарақәа хацыркын, уи ашьҭахь жәа-ҩык рҟынӡа русура иамхын, егьырҭ ртәы макьаназы исызҳәом. Агәаҭарақәа цоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0