Иакутиатәи арежиссиор: Аԥсны акино аҿиара аҭатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Мункуев
Владимир Мункуев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль аатит Аҟәа, Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы мшаԥы 2 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Аҟәатәи актәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль аконкурстә фильма "Счастье" арежиссер Владимир Мункуев радио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны акино аҿиара аҭатәуп ҳәа.

Сухумский международный кинофестиваль - Sputnik Аҧсны
Никитин: Аҟәатәи акинофестиваль аиҿкаара бзиа амоуп

"Акинофестиваль аартраан сахәаԥшит аԥсуа фильм "Спасибо деду за Победу". Сара избон ахәаԥшцәа афильм шрыдыркылоз. Сгәы иаанагоит уи аҿиара аҭатәуп ҳәа. Ахатәы хәаԥшҩы дызмо акино мыҿиар ауӡом", — иҳәеит иара.

Мункуев иазгәеиҭеит гәахәарыла ишидикылаз ифильм иаҵаз аирониа ахәаԥшцәа иахьаҵырбааз. Иара иҳәеит ҵыԥхтәи ашықәс азы ишҭихыз зметраж наӡоу, "Реальные пацаны" захьӡу афильмгьы.

"Афильм акинофестивальқәа маҷымкәа ирылахәын", — иҳәеит Мункуев.

Владимир Мункуев далацәажәеит Аԥсны изцәырнагаз ацәаныррагьы.

"Иумбарц залшом иҵаулоу акультура, зеиԥшыҟам архитектура. Иара убри аамҭазы убла ихыҵуам аибашьра ашьҭақәа. Ҳара даара иаҳҭахын Аԥсны закәыз аилкаара. Аԥхьатәи амш азы сышныҟәоз амшын аԥшаҳәаҿы игылоу асанаториахь снанагеит. Ахьчаҩи сареи ҳаибадырит. Ибганы иҟаз ахыбрақәа ас изыҟои ҳәа санҵаа, аибашьра ашьҭахь ишьақәыргылам иҳәеит. Ҳаар уажәыгьы аибашьра ҳзалымҵит, ахәыҷратә кьыл иаҳзеиԥшхеит – иҳәеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит арежиссиор, иагьазгәеиҭоит ауаҩы иҭаххар зегьы дшыриааиуа.

Афестиваль апрограмма иалахәуп 32 фильм, Европа, Урыстәыла, Марокко, Тунис, Кореиа, Иран, Узбекистан, Венгриа, ИАР атәылақәа рҟынтәи.

Актәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0