Аԥсны Ахада агеноцид зызуз рхылҵшьҭрақәа дрыдышшылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо аерманцәа мшаԥымза 24 аҽны иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы миллионки бжаки рҟынӡа рыжәлар аннырҵәаз ахҭыс.

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Адашшыларатә шәҟәы аҟны Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит амҳаџьырра зхызгаз аԥсуа жәлар ибзианы еилыркаауеит агеноцид зхызгаз рхьаа ҳәа.

"Зықьҩыла зыҩны-згәара зцәыӡыз аерманцәа ахыхьчара рылшеит Аԥсны. Урҭ рхылҵшьҭрақәа аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан абџьар кны ақырҭуа фашизм иацәырыхьчеит ирыԥсадгьылны иршьаз атәыла. Ҳара иаҳгәалашәоит аҭоурых агәырҩа даҟьақәа. Иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп урҭ аҽазныкгьы еиҭамҳәахарц", — ҳәа аҳәоит адашшылара атекст аҟны.

День геноцида армян - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иргәаладыршәоит Османтәи аимпериаҿ инхоз аерманцәа рнырҵәара амш

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит аԥсуааи аерманцәеи риашьаратә еизыҟазаашьа ԥхьаҟа еиҳагьы аҿиара аиуеит ҳәа.

Адунеи ахы-аҵыхәа инхо аерманцәа зегьы мшаԥымза 24 рзы иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы аҭыԥ зауз арыцҳара ду, шәышықәса раԥхьа миллионки бжаки рҟынӡа аерман милаҭ уахыки-ҽнаки рыла ишнырҵәаз.

1914 шықәса рзы адунеи аҟны инхон 4,1 миллионҩык аерманцәа. 2,1 миллионҩык нхон Османтәи аимпериа иахьаҵанакуаз, 1,7 миллион — Урыстәыла, 100 000-ҩык —Персиа, 200 000-ҩык егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны.

1915–1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык, иблын 60 рҟынӡа қалақь, 2,5 нызқь қыҭа. Миллионҩык рҟынӡа рынхарақәа ирхыҵит.

Агеноцид афакт азхарҵахьеит Урыстәыла, Франциа, Швеицариа, Польша уҳәа 30 рҟынӡа ҳәынҭқарра.

Ажәабжьқәа зегьы
0