Стенин ихьӡ зху аконкурс аҿы иреиӷьу аусумҭақәа алырхуеит

© Sputnik / Фандулвази ДжайклоК участию в конкурсе Стенина присоединились новые страны
К участию в конкурсе Стенина присоединились новые страны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Уажәы урҭ рҟынтәи иреиӷьқәоу алыркаауеит.

АҞӘА, мшаԥы 25 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс ажиури ахантәаҩыс далхуп Ҭырқәтәылатәи амаҵзура Анадолу (Anadolu Ajansi) авидеожәабыжьқәеи афотосахьеи рыҟәша аиҳабы Аҳмеҭ Сел.

К участию в конкурсе Стенина присоединились новые страны - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аконкурс аихшьаалақәа рекордтәуп

Иара иазгәеиҭеит: "Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс есышықәса еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауеит, алахәылацәа рхыԥхьаӡара рацәахоит. Агәахәара унаҭоит апрофессионалцәа рыҩаӡара. Аимак аиҿак ахылҵыр алшоит иреиӷьу аусумҭақәа ралкаараан" ҳәа

Аҳмеҭ Сел иара убасгьы иазгәеиҭеит Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп ҳәа.

Аконкурс иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп. 2018 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет", Герой нашего времени". Иреиӷьу аусумҭақәа алыркаароуп 6000 рҟынӡа фотосахьа рҟынтәи.

Ииааиз рыхьыӡқәа ӡыргахоит 2018 шықәса лаҵарамза 22 рзы, аконкурс stenincontest.ru асаит аҟны.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аконкурс информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo. Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзуреи ардиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партниорцәа рыҳасабала иара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik —аиндаҭлара жәларбжьаратәи информациатә партниорны иазыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0