Ауаажәларратә палатаҿ акурорттә сезон иалацәажәеит

© SputnikОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата аилацәажәара азкын атуристтә сезон аҽазыҟаҵара атема. Апалата алахәылацәа азыӡырҩит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ражәахәқәа.

АҞӘА, мшаԥы 27– Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. 80 процент рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдкыларҭа обиектқәа аԥхынтәи атуристтә сезон иазыхианы иҟоуп иҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба аилатәараҿы дықәгыло.

Иаанхаз 20 процент разырхиара иаҿуп, ицоит аремонттә усурақәа.

Астамур Ахба - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Ахба: Аԥсны аԥсшьаратә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацҵатәуп

Ахба иажәақәа рыла еиҳа-еиҳа еиҳахоит ахатә сасааирҭа маҷқәа рыргылара. Урҭ рыргылара иалагеит Очамчыратәии Гәылрыԥшьтәии араионқәа рыҿгьы. Сынтәа ахархәарахь инашьҭуп аобиект ҿыцқәа жәаба.

Иааидкыланы арҭ аобиектқәа ирымоуп алшара аамҭак иалагӡаны 23 000-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдкылара.

"Иааидкыланы арҭ аобиектқәа ирымоуп алшара аамҭак иалагӡаны 23 000-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдкылара. Аха иара убри аан асовет аамҭақәа ирыҿҳарԥшуазар уи ҩынтәны еиҵоуп. Усҟан иҟан алшарақәа асанатор-курорттә маҵзурақәагьы рыҭаразы. Иахьазы усеиԥш алшарақәа ҳамам", — иҳәеит Ахба.

Иазыԥхьагәаҭоу ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аан аҳәаа аус шауц иаулоит, ԥкырак ҟаларгьы уи атранспорт ауп иаҵанакуа иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара далацәажәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Леван Кәарцхьиа. Иара иажәақәа рыла аминистрра аилазаара азыхиоуп арежим ҷыда инақәыршәаны аусура, иазыҟаҵоу аплан "Курорт" инақәыршәаны.

Кәарцхьиа иажәақәа рыла ареспублика аҩныҵҟа аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара есҽны еиҿыркаалоит зықьҩык рҟынӡа амилициа аусзуҩцәа.

2017 шықәса лаҵарамза инаркны жьҭаарамзанӡа ашәҟәы иҭаҩын аԥсшьаҩцәа рганахь ала имҩаԥгаз ацәгьоурақәа 90.

Ажәабжьқәа зегьы
0