Мысратәи аныхабаа - аԥсуа уахәамакәа рархитектура иабырлашцыроуп

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәМысратәи аныхабааш.
Мысратәи аныхабааш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан аҳаблақәа руак аҟны иуԥылоит Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. Ари аҭыԥ иамоу амаӡақәа ртәы еилылкаауан Рада Ажьиԥҳа.

Амбара ахықәан…

Мгәыӡырхәа ақыҭан акәарҷҷара Амбара ахықәан, адәҳәыԥш ԥшӡа аҟны игылоуп Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи. Ари аҭыԥ иадҳәалоу алегендақәа руак ала абааш рыԥшааит амшцәӷьақәа раан аҭыԥантәи ахьчацәа, аха амаӡақәа иаҵаҵәаху иахьа уажәраанӡагьы цқьа еилкааны уаҩы издыруам.

Симон Кананит иуахәама - Sputnik Аҧсны
Симон Кананит иуахәама аиҭашьақәыргылара иалагоит

Иҟалап иара ахьыӡ ари аҭыԥ иадҳәалазар, ирҳәоит ари аҭыԥ аҟны иуцәыӡыз арахә аԥшаара уадаҩуп, даҽа гәаанагарак ала, ажәытәан амшын ахықәынтә ари аҭыԥ убомызт, амшынқәылаҩцәа рзын иманшәалан, иныркылоз аӷбақәа уаҳа уаҩы ибомызт, убри азакәхап иара акәари аҭыԥи Амбара захьыӡхазгьы.

Асовет аамҭазы араҟа иҟан апсшьарҭатә ҩынқәеи, апионертә лагерьқәеи. 70-тәи ашықәсқәа рзы араҟа идыргыло иалагеит аҩны аихагылақәа алагерь аусзуҩцәа рзы. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аламҭалаз Мысра аҿықәан идыргылоит ЦК КПСС аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ хада Михаил Гарбачев изы аԥхынҩны. Иара иахьа уажәраанӡагьы аус ауеит, ажәлар рыҟны —  Горбачев иаԥхынҩны (дача) ҳәа ирдыруеит.

Амбаратәи абааш иазку авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Амбаратәи абааши, аныхабааи…

Амбаратәи абааши уи аҩнуҵҟа иҟоу ауахәамеи инҭкааны аҭоурыхҭҵааҩцәа иҭырымҵааӡацт, аха иҟоуп ари аус зыстудентә ԥсҭазаара инаркны, акурстә усумҭақәа азызкхьоу, ауахәама архитектура ҭызҵаауа изныкымкәа ари аҭыԥ иаҭаахьо. Аҟазараҭҵааҩы Сурам Сақаниа иҭыиҵаауеит ауахәамақәа рархитектура, избан акәзар иара аҟазара иахәҭакуп.

Сурам Сақаниа ари ауахәама иуникалтәу аныхабаақәа иреиуоуп ҳәа иазыиԥхьаӡоит.

"Ари аныхабаа иара ахқәа рыбжьара иуникалтәу акакәны иҟоуп, избан акәзар Аԥсны ирацәоуп ибазиликалтәу аргыламҭақәа. Ари аныхабаа шжәытәӡатәиу зырҵабыргуа акоуп иара аҿышәҭа апирамида асахьа ахьамоу. Аныхабаа иамоуп ҩ-еихагылак, ахыбгьы хаҳәла еиқәҵан, аха иахьа уажәраанӡа изымааит", — ҳәа иҳәеит Сақаниа.

Аҟазаҭҵааҩы Сурам Сақаниа, иажәақәа рыла аныхабаа еиқәҵоуп аҭыԥантәи аус зыдуланы ицәу ахаҳәқәеи, аус зыдулам ахаҳәқәеи рыла.

"Ауахәама аура ҩажәа метра ыҟоуп, аҭбаара жәохә метра. Иамоуп жәаҩа ԥенџьыри ԥшь-шәыки, аҩнуҵҟа аимоуп згәаҭара уадаҩу ашә хәыҷқәа ҩба, дара ухаргалоит ауахәама аусзуҩцәа рыԥсы ахьыршьоз ауадақәа рахь. Амбаратәи аныхабаа баагәарала икәаршан, иахьа иара ҭыԥқәак рыҟноуп иахьеиқәхаз ", — ҳәа ациыҵеит иара.

Аҵарауаа еицҿакны гәаанагарак рымам ари ауахәама иарбан шәышықәсоу иӡҵазкуа ҳәа.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәМысратәи аныхабааш
Мысратәи аныхабааш - Sputnik Аҧсны
Мысратәи аныхабааш

"Шьоукы излазгәарҭо ала иара XI- XII ашәышықәсақәа рзы иргылан, аха даҽа шьоукы ишьақәдырӷәӷәоит иара VII- VIII ашәышықәсақәа ирыҵыркуа ргыламҭоуп ҳәа, анаҩсан еиҭарҿыцан  XII ашәышықәсазы. Сара сгәаанагарала, абазиликалтә уахәамақәа рыхкқәа еиҿҳарԥшуазар Амбаратәи абааш XI- XII ашәышықәсазы иргылан, аха XIII ашәышықәсазы еиҭашьақәыргылазар ауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.

Робинзон Крузо — Амбара

Ари аҭыԥ аинтерес шаҵоу зырҵабыргуа акакәны иҟоуп 1972 шықәсазы амбаратәи адәҳәыԥш аҟны аныхабаа аҿаԥхьа, еицырдыруа аурыс режиссиор Станислав Говорухин иҭихуеит акинофильм "Робинзон Крузо иԥсҭазаареи ихҭыс ссирқәеи" захьӡыз акиносахьа ахәҭак.

Иҵабыргны, Мысратәи аныхабаа ԥҳьаӡоуп аԥсуа уахәамакәа рархитектура иабырлашцыраны, инарҵауылангьы иҭҵаатәуп.

Иахьа, Гәдоуҭа араион аҟны аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа рахь иаҵанакуа 358 баҟа ыҟоуп, Мысратәи абаашгьы урҭ ирхыԥхьаӡалоуп.


Ажәабжьқәа зегьы
0