Симон Кананит иуахәама аиҭашьақәыргылара иалагоит

© Sputnik Томас ТхайцукСимон Кананит иуахәама
Симон Кананит иуахәама - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 5 рҟынӡа Акультура аминистрра Адҵа инақәыршәаны аус адулахоит ауахәама ахыбра аиҭашьақәыргыларазы атехникатә дҵа. Апроект ахаҭа аиҿкааразы иаҭахуп хымз инарзынаԥшуа аамҭа, иҳәеит аҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" адиректор Алхас Аргәын.

АҞӘА, мшаԥымза 20 – Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа. Симон Кананит иуахәама аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагоит аҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" адиректор Алхас Аргәын инапхгарала.

Ахаша, мшаԥымза 20 рзы Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟны аиԥылараан Алхас Аргәын иазгәеиҭеит аусурақәа ҩ-етапкны ишеиҿкаахо.

Актәи аетап ахь иаҵанакуеит аргыларатә усурақәа, хаҭала анџьныртә коммуникациақәа, арӷәӷәаратә усурақәа, аҩныҵҟатәии адәахьтәии аусурақәа. Аҩбатәи аетап аан аҭыӡсахьақәа аус рыдулара иалагоит.

"Ари аетап еиҳа иуадаҩу ауп. Ҳаналаго ҳәагьы иалкаан рыцхәк ҳзазгәаҭом. Аҭыӡқәа рыцқьаны асахьақәа реиҭашьақәыргылара иалагатәуп даара маршәаркрыла", — иҳәеит Аргәын.

Ишазгәаҭоу ала аҭоурых-культуратә ҭынха аобиект аҭааҩцәа рацәаҩны иаднакылартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟаҵатәуп.

"Аусурақәа рыхәшьареи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшаратә аамҭеи макьаназы ҳзалацәажәо иҟам", ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.

"Уажәы атехникатә дҵа еиҿаҳкаауеит, нас азанаҭуаа ҳрыԥхьоит", — иҳәеит иара.

Аргәын иажәақәа рыла лаҵарамза 5 рҟынӡа Акультура аминистрра Адҵа инақәыршәаны аус адулахоит ауахәама ахыбра аиҭашьақәыргыларазы атехникатә дҵа. Апроект ахаҭа аиҿкааразы иаҭахуп хымз инарзынаԥшуа аамҭа, иҳәеит аҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" адиректор Алхас Аргәын.

Иԥшьоу Симон Кант имш азгәарҭоит иахьа Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Ацқьа Симон Кананит имш Аԥсны иазгәарҭоит иахьа

"Сара апроектҟаҵаҩцәа ргәыԥқәа хԥа сыҽрымаздеит. Ҩыџьа рҟынтәи аҭак соухьеит. Агәыԥқәа руак арезиумеии аусура азин ҷыда – алицензиа шрымоу азы адокуменқәа аарышьҭит. Апроект аҟаҵара иалагалахар ауеит аԥснытәи азанаҭуаагьы. Сгәы иаанагоит хымз рҟынӡа апроект аиҿкаара аамҭа аҭахуп ҳәа. Нас – аподриадчикцәеи анагӡаҩцәеи ԥшаатәхоит", — иҳәеит иара.

Ижәытәӡатәиу ари аҭынха ишалшо ала иаарласны ацхыраара аҭатәуп.

"Иаарласны аусурақәа рымҩаԥгара еиҿаҳамкаар аҭоурыхтә баҟа зынӡа иаҳцәыӡыр алшоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа иазгәеиҭеит хәышықәса раԥхьа араҟа ишымҩаԥгаз адренажтә усурақәеи археологиатә жрақәеи. Урҭ рышьҭахь афинансқәа рыҟамзааразы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нап рылакымызт ҳәа.

Аԥшьа Симон Кананит иуахәама абжьарашәышықәсақәа ирыҵаркуеит. Ишьоуп ауахәама ргылан ҳәа ажәбатәи ашәышықәсазы.

Ажәибыжьтәи ашәышықәсазы, аҭырқәмчра аҳра анауаз ауахәама ахәҭак рбган. 1875 шықәсазы, Александр аҩбатәи ауахәама аберцәа ириҭеит. Урҭ иара еиҭашьақәдыргылеит 1882 шықәса рзы. Иара убысҟан иагьырыԥшьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0