Афронт аҟнытә: Зураб Ҭаркьыл иан лахь исалам шәҟәы

Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аибашьцәеи рҭаацәеи еимаздоз афронт аҟнытә асалам шәҟәқәа ракәын. Sputnik Аԥсны апроект "Асалам афронт аҟнытә" - аибашьцәа ргәы иҵхоз, аҩныҟа ишықәхьааргоз атәы.

"Асалам афронт аҟнынтә! Мшабзиа, кыр исзаԥсоу сгәакьа сан!

Аамҭа маҷгьы мцеит, арахь баргьы саргьы ҳаӡбахәқәа уаҳа неинымҩаӡеит. Кыр исзаԥсоу сан! Шьҭарнахыс лассы-лассы ашәҟәқәа бзызҩлоит, ҳәарада, слахьынҵа смеижьар. Сышәҟәқәа лассы ибмоур, иаҳҳәап, мызк ашьҭахь, уи иаанаго ак сыхьтоуп сара, усҟан бара ҳархәҭа аиҳаб иахь иҩы ашәҟқәа, базҵаа сыӡбахә.
Сыхаара сан! Сара иахьа агурӷьара ду сымоуп, хә-салам шәҟәык соуит иаразнакала, урҭ роуп иагьсоуз бжьымз рыла. Сара бсазҵаауазар, сеибгоуп, сгәы бзиоуп, аӷьараҳәа сыҟоуп. Знык снапы рхәын, аха ирласны иӷьеит. Сара хьаас сҟабымҵан, сбыҳәоит, бгәабзиара беиҷаҳала. Иаарласны аҩны сҟалоит… Сыхаара сан, уаҳа баргьы саргьы ҳаибамбарцу? Исызхаҵом.
Уажәтәила уаҳа зыҩуам, аҭак даара сазԥшуп, иауазар, бпатреҭгьы сзаашьҭ.
Сылашара сан! Адҵа сымоуп, сымцар ҟалом, сыццакуеит, убри азоуп ас имаҷны изызыҩуа.
Бзиала, ӷәӷәала бгәыдыскылоит, бызгәӡуеит, бзиа бызбо быҷкәын Зураб.
Ашәҟәы Германиантәи оуп изыбзызҩуа".
Цәалашәарак зоухьаз Зураб Ҭаркьыл иани иареи уаҳа изымеибабеит.

Аибашьҩы дҭахоит идҵа шынаигӡоз апрел 21, 1945 шықәсазы жәаамшы Аиааира ду дзахьымӡакәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0