Аибашьҩы исалам цаҳәцаҳә: Виктор Ҭаркьыл афронт аҟнытә иааишьҭаз исалам шәҟәы

Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аибашьцәеи рҭаацәеи еимаздоз афронт аҟнытә асалам шәҟәқәа ракәын. Sputnik Аԥсны апроект "Асалам афронт аҟнытә" - аибашьцәа ргәы иҵхоз, аҩныҟа ишықәхьааргоз атәы.

"Мшабзиақәа саҳәшьцәа Сониеи Аниеи! Аибашьҩы исалам цаҳәцаҳә шәзынасҭиуеит.
Сара сыҟоуп, исыбыргозеи, сеибгоуп. Еснагь аҭабиақәа рҿы аҵааи аси ҳрылатәоуп, уи зегьы иабыргыузеи зыԥсы ҭоу изы.
Аҩны исцәымшәааит. Сара акы сазрыцҳаны сыҟаӡам. Сыԥсҭазаара зегьы азыскарц сыхиоуп анемец мпыҵахылаҩцәа ԥсцәаҳақәа рнырҵәаразы, рҵыхәтәа аԥҵәаразы…
Афронт аҿы сыҟеижьҭеи имаҷӡам афашистцәа хаҭла исшьхьоу, аха сара цасҳәагьы сеибгоуп. Шәысцәымшәан занӡагьы…
Саламла шә-Виктор!"
апрел 6, 1944 ш.
Виктор Ҭаркьыл дҭахеит Венгриа декабр 21, 1944 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0