АҞӘА, лаҵара 8– Sputnik. Уралтәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә университет абиолого-географиатә факультет адекан Оксана Ианцер ААУ аҟны алекциақәа ркурс мҩаԥылгеит. Лара гәахәарыла иазгәалҭеит Аԥснытәи астудентцәа адырразҿлымҳара аадырԥшуеит ҳәа радио Sputnik аинтервиу аҭо.
"Сара алекциақәа ркурс ҿыц саԥхьеит. Иара азкуп азеиԥш фенологиеи афенологиатә ҭҵаарақәа рметодқәеи ирызкуп. Акурс шьақәгылоуп алекциатәии апрактикатә зыҟаҵарақәеи рыла", — лҳәоит лара.
Екатеринбургтәии Аԥснытәии астудентцәа еиҿырԥшуа лара иазгәалҭеит аиԥшымзаара шрымоу.
"Аԥснытәи астудентцәа еиҳа иаартуп, алекциазы еснагь иҭабуп ҳәа сарҳәон. Алекциақәа ркурс ашьҭахь "Холодная речка" абазаҿ апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит. Ҳара уа еиуеиԥшым аԥсабаратә комплексқәа рфенологиатә ҭагылазаашьа ҭаҳҵаалоит", — лҳәоит Ианцер.
Аԥсны аусурақәа мҩаԥгахалоит аметод ҿыц ала.
"Ажәытә метод аус ауеит краамҭала имҩаԥугозар. Ус анакәымха азыԥхьагәаҭара уадаҩхоит", — лҳәеит лара.
Комплексла афенологиатә метод ахархәара амоуп 1995 шықәса раахыс лҳәеит адекан.
Лара еиҭалҳәеит раԥхьаӡа акәны 2015 шықәса рзы Уралтәи апедагогикатә университет аделегациа дрылахәны Аԥсныҟа дшааз. Усҟан ишьақәыргылаз аимадарақәа иахьагьы аус хра аманы имҩаԥыргоит ҳәа лҳәоит лара.