АҞӘА, лаҵара 10 — Sputnik, Бадрак Аҩӡба. 2017 шықәсазтәи абиуџьет шынамыгӡо анагӡаратә мчра еилыркаауазар, аныхрақәа ркьаҿтәын. Адепутатцәа аԥара ргеит рымҳәаӡеит лҳәеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Натали Смырԥҳа Аилак инарҭбаау аилатәараҿы.
"Ҳара иаҳҳәаз аҽакуп, ҳара иаҳҳәаз абиуџьет зынамгӡахозар изацаҳҵозеи, ахыдҵақәа шзалымшо анаадыруа ауп", — лҳәеит лара.
Лаҵара 3 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа агәаҭаразы Аԥсны Апрокуратура хадахьы инарышьҭит "2017 шықәса рзы Ареспубликатә биуџьет анагӡашьаз" аҳасабырба.
"Абрифинг аҟны Дмитри Сериков, Џьансыхә Нанба, Ирма Амҷԥҳа ирҳәаз иашоуп. Ацифрақәа рганахь ала ҳаивысӡом, аха ҳара иҟоу аҭагылазаашьа акала ҳахәаԥшуеит, анагӡаратә мчра – аҽакала иахәаԥшуеит", — лҳәеит лара.
Абиуџьет шзынамыгӡахо еилкаан жәымз анҵы нахысгьы лҳәоит Смырԥҳа.
"Дарбанызаалак аԥхьаӡашьа здыруа изы еилкаауп уи. Зегь ҳзы иубарҭан акурорттә сезон шзымҩаԥымсыз, уи акәын еиҳарак ҳзықәгәыӷуаз. Иаабон абиуџьет шаҳзынамыгӡоз, нас изацаҳҵоз", — лҳәеит лара.
Уаанӡатәи афинансқәа рминистр Дмитри Сериков абрифинг аҟны иқәгылараҿы еиҭеиҳәеит 800 миллион иҟаз ацәынха 2018 шықәса рахь ииасыз ауп ҳәа. Избанзар дара атәылахь иаашьҭын 2017 шықәса анҵәамҭазы, ахархәараз аамҭа ыҟамызт, 2018 шықәсахьы ииаган ҳәа.
Дмитри Сериков иара убасгьы иазгәеиҭеит абиуџьет анагӡара аганахь ала адепутатцәа азҵаара рызцәырҵуа иҟазар иара Афинансқәа рминистррахь аус адуларазы ирхынҳәтәуп ҳәа.
"Усеиԥш аҭагылазаашьақәа ҳрықәшәахьан. Ҩынтә абиуџьет рыдрымкылацкәа иаанхахьан. Уи шәарҭарак алаӡам аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы. Апарламент уи Апрокуратура хада еиҳа еилнаргоны иабеит", — иҳәеит Сериков.
Натали Смырԥҳа лакәзар илҳәеит афинансқәа рминистрра аусураз ҽыԥныҳәа шыҟалымҵо, аҭыԥ змоу асистематә еиԥҟьароуп ҳәа.
Дмитри Сериков иажәақәа рыла 2017 шықәсатәи абиуџьет ауадаҩра ахатәы мзызқәа амоуп ҳәа.