Амаршрутчикцәа рхамакәачра

© Sputnik / Илона ХварцкияЗабастовка водителей маршруток на центральном рынке в Сухуме
Забастовка водителей маршруток на центральном рынке в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Аҟәатәи амаршруттә такси аныҟәцаҩцәа имҩаԥыргаз акциазы, лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Асоветтә тәыла иааӡаз ауаҩы изын, аибашьра ашьҭахьтәи аԥсуа ԥсҭазаараҿы "исҭахыу ҟасҵоит" захьӡу афилософиа адкылара уадаҩуп. Ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра 25 шықәса анахыҵуа аамҭазы, ҳтәыла аҩныҵҟа иџьоушьаша ахҭысқәа мҩаԥысуеит.

Ари амшқәа зегьы, Аԥсны ҭыӡшәа хаданы иҟоу Аҟәатәи амаршрутчикцәа рхала амҩақьыра ахә ашьҭыхра ахьырыӡбаз ауп. Аамҭа ус иҟалеит, иахьа иныҟәо амаршруттә таксиқәа хатәуп, анкьеиԥш иҟам аҳәынҭқарра иатәу аилакқәа.

Коррупция - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа коррупциа ахаҿра

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы, шьаҭанкыла аҽаԥсахит асоветтә система иамаз аҳәынҭқарратә мазара захьӡу аилкаара. Аиааира ашьҭахь, ҳара ҳааҽԥынгылеит иҿиам акапитализм ҟазшьа змоу асистема. Аамҭа уадаҩын аҟынтә, доусы ишилшоз ала ихы ныҟәигон, аха нас маҷ-маҷ, атранспорт азы ахәԥса аҳәынҭқарра хылаԥшра азнауа иалагеит.

Иахьа иҟоуп еиуеиԥшым атранспорттә еилазаарақәа, урҭ ртариф шьақәырӷәӷәоуп. Аҟәа аҩныҵҟа иныҟәо амаршруткақәа рыхәԥса 15 мааҭ ыҟоуп, аха аабыкьа амашьынаныҟәцаҩцәа Аҟәа ақалақьтә еизараҿы иқәдыргылеит азҵаатәы ахәԥса 20 мааҭ рҟынӡа ашьҭыхразы. "Ҳџьабаа цәгьоуп, абылтәы ахә шьҭыҵуеит, амашьына амаҭәахәқәа ҳара ҳауп иаазхәо" уҳәа ирацәоуп амашьынаныҟәцаҩцәа адепутатцәа рҿаԥхьа ицәырыгаз. Ақалақь депутатцәа аус иахаҵгыларц рыӡбеит, еиҿкаан азҵаатәы ҭызҵаауаз акомиссиа.

Ахә ашьҭыхра азҵаатәы шьҭызхуаз амаршрутчикцәа, иналаршәынгьы ирымҳәеит дара иныҟәырго ауааԥсыра рулафахәы ишацымлац атәы. Аԥсҭазаараҿы зегь еимадоуп, абылтәы, ма амҩақьыра ахә анышьҭырхуа аҳәынҭқарра иахәшьадроуп ауааԥсыра рсоциалтә ҭагылазаашьа зеиԥшроу, ахныҟәгага маҷ еиҳаны изызмырҳауа ауаа шыҟоугьы дырны, акыр ишәаны, икапанны ахә шьҭырхроуп — ишьҭырхуазар.

Аԥсуа маршрутчикцәа, акомиссиа иаӡбуа ҳәа имԥшыкәа маи 15 рзы амҩақьыра 20 мааҭ рҟынӡа ишьҭырхит. Амаршруткақәа ирҭалоз ажәлар ари агәынамӡара рызцәырнагеит, иҟалеит мап ацәкны 15 мааҭ нықәҵаны амашьына иҭыҵны ицозгьы, иара убас, "амшә иакыз, дад, иҳәеит" ҳәа 20 мааҭ зшәазгьы дубарын.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Амаршрутчикцәа рхамакәачра

Аԥсны анапхгара, хықәкыла атраспорт азы аусбарҭа аусуҩцәа, Аҟәатәи адепутатцәа, дара амаршрутчикцәа злахәыз аиԥыларақәа мҩаԥысит, уимоу аџьармыкьа азааигәара амитинг маҷгьы ҟалеит, "азабастовка"  ҳәа изышьҭоугьы цәырҵит маи 18 ҿҳәарас иаманы, уи ашьҭахь ақалақь аҩныҵҟа амаршруттә таксиқәа рыцәаара маҷхеит.

Даара ҳаҭыр ҳзақәуп амаршрутчикцәа рус, аха хатәгәаԥхарала амҩақьыра ахә ашьҭыхра ари закәанеилагароуп. Абри азҵаатәы асоциалтә ҳақәа рҿы ианалацәажәоз, аҵарауаҩ, аибашьра аветеран Руслан Барцыц дахлафаауа иҳәеит "шәааи ҳаргьы ҳхала ҳаулафахәы шьҭаҳхып" ҳәа.

Лестница - Sputnik Аҧсны
Ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых

Амаршрутчикцәа рхамакәачра иахылҿиааит еиуиеиԥшым ацәажәарақәа, атәанчаҩцәа иазгәарҭоит даргьы ироуа шырацәам, абиуџьеттә усбарҭақәа русуҩцәагьы "макьана ҳаулафахәы шьҭымҵыц" рҳәеит.

Ажәакала, амаршрутчикцәа имҩаԥыргаз акциақәа ажәлар рҿы зегь реиҳа излацәажәо зҵаараны иҟалеит. Уажәы аус злоу ҳтәыла анапхгара иааныркыло апозициа ауп. Амчра араҟа иаанарԥшыроуп иҳәынҭқарратәу азнеишьа, мамзар аамҭа-аамҭала Аҟәатәи амаршрутчикцәа рыхә ҳарарклоит, ахархьуаа рызҵаатәы ус ишыҟац иаанхоит, избанзар ауаҩы ихала иулафахәы изышьҭыхуам.

Маи 18 рзы Аҟәа ақалақь еизараҿы иахәаԥшуан абри азҵаатәы. Адепутатцәа бжьыҭирала мап ацәыркит атариф ашьҭыхра.

Зыбжьы зҭиуаз адепутатцәа 19 рҟынтәи 5-ҩык ахә ашьҭыхра иақәшаҳаҭхеит, ҩыџьа рҽацәхьаркит.

Абасала макьаназы аҳҭнықалақь иалоу амаршруттә таксиқәа ртариф 15 мааҭ шыҟац иаанхоит, даҽа хамакәачрак цәырҵаанӡа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0