Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла

© Sputnik / Саида ЖибаКавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳџьынџьуаа ргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳџьынџьуаа ргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳџьынџьуаа ргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik.

Лаҵара 21 азы, Кавказтәи аибшьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп. Уи аҽны, Аԥсни, Нхыҵ-Кавкази, Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар рхаҭарнакцәеи, амҳаџьырра аамҭақәа раан, мчыла зыԥсадгьыл иахыргаз, ихдырҵәаз ргәалашәара иазкны аусмҩаԥгатәқәа жәпакы еиҿыркаауеит.

Сынтәа, ари аҭоурыхтә хҭыс хьанҭа иахыҵит 154 шықәса.

Мемориал в память о жертвах Кавказской войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа иаадыртит амҳаџьырцәа ргәалашәараз абаҟа

Ҭырқәтәыла, Амшын Еиқәа иаԥну, ҳажәлар ахьҭанҵәаз, Қьефқьен ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны, лаҵара 21 аҽны, зықьҩыла ҳџьынџьуаа ашәҭшьыҵәрақәа аӡы ихырҵеит. Ҩаԥхьа иалацәажәеит, аԥсуа жәлар ирхыргаз, аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда змоу амҳаџьырра.

"154 шықәса раахыс ҳажәлар еиҟәыҭханы иҟоуп. Аха уи иаанагаӡом, ҳара ҳаԥсадгьыл гәакьа ҳгәы азыбылуам ҳәа. Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы ҳҭоурых ҳазыхынҳәоит, ҳџьынџьдгьыл гәхьааҳгоит. Ижәдыруандаз, шаҟаҩы уахи-ҽни зыԥсадгьыл иазхьааны, аха алакҭа аҭаԥшра иахьымӡакәа рыԥсҭазаара иалҵхьоу. Иахьа ҳара алшара ҳамоуп Аԥсныҟа ԥықәсыларада ацара, хымԥада уи иразҟы дууп. Иахьымӡаз ҳаиҳабацәа рыблала аԥшӡареи ахаараеи ҳалаԥшуеит", — иҳәеит ҳџьынџьуаҩ Неџьдеҭ Агәмаа.

Қьефқьен амшын аԥшаҳәаҟны, аԥсуа хәаџьа Аиҳан Цыхьычба, ашықәс еиқәаҵәақәа ирылаӡыз ргәалашәара ахьӡала ашәҟәаԥхьара мҩаԥигеит.

Анаҩс амца еиқәҵаны, Аԥсны абираҟқәа шьҭыхны, еизаз зегьы амшын аҟәарахьы илбааит. Амшцәгьа аҽацәыхьчаразы, ари аԥшаҳәаҟны ахҵәацәа рҳаԥы аҩнуҵҟа ашәҭқәа шьҭаҵан.

Лиуҭфи Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Лиуҭфи Ажьиба: ҩынтә сыԥсадгьыл алақҭа сҭаԥшырц иақәыскхьан

Аҭыԥантәи абыргцәа ражәақәа рыла, Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа идәықәҵаз быжь-ӷбак, абри аҭыԥ азааигәара шәҩыла ауаа шақәтәаз, аҟәара иадгылаанӡа иԥҽызаап. Хымԥада зымч кәадаз зегьы аӡы иагеит. Аӡхыҵра зылшазгьы, амлеи ахьҭеи ирзымиааикәа Қьефқьен аԥшаҳәаҟны рыԥсҭазаара иалҵит.

Арҭ аҭыԥқәа рзааигәара иҟоуп аԥсуа ԥсыжырҭақәа ҩба. Руак аҟны 1500-ҩык ирызқәаҭыԥуп. Анышә иамадоугьы реиҳараҩык ахәыҷқәа роуп.

Аԥснынтәи, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азы иааз сҩыза Зарина Коӷониеи сареи акырӡа ҳгәы арԥшааит ҳала иабаз. "Ҳаԥсадгьыл гәакьа ацәа шәхаҳбаалоит" ҳәа иааины ҳгәыдыркылон ҳашьцәа.

Аишазы, аиԥырҵра уадаҩхеит. Ари аҭыԥ аҭаара, ҷыдала сара сзы аҵак ду амоуп. Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, арахь ихырҵәан саб иабду иаб иҭаацәа иманы. Аха аамҭакы ашьҭахь ирылшеит рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра.

Издыруада, иахьа Қьефқьен аԥшаҳәаҟны сабдуцәа рышьҭа саргьы сахгыланы сымҩасзар…

Ажәабжьқәа зегьы
0