Аҧсуа сахьаркыратə литератураҿы иҿиахьеит алитература ажанрқəа зегьы: апроза, апоезиа, адрама. Апоезиа ажанр иахыҧхьаӡало ажəамаанагьы аганахь инымхеит.
Ҳлитература ашьаҭаркҩы Д. Гəлиа инеиркны, ари ахкы аҿы зыҽҧызшəахьо маҷҩым, аха зырҿиара ажəамаанала ихырҷо ҳəа иалаҳкаарц иҳалшо апоет Кьыршьал Чачхалиа заҵəык иакəзар ҟалап. Кьыршьал зеиҕьыҟам лирикуп, уи аҧсуа поезиа иазынижьит абзиабаратə, ауаажәларратә, афилософиатə хырхарҭа змо арҿиамҭақəа.
Зеиҕьыҟам иажəеинраалақəа ируакуп аԥсадгьыл абзаиабара аазырԥшуа ажəеинраала "Абраҟа".
Абраҟа ҧшӡоуп сыҧсы сзаҟəыхуам,
Сгəаҿы иӡуам аҭахра.
Абраҟа ҧшӡоуп, абра акгьы сыхьуам,
Абраҟа ишəарҭаӡам аҧсра!
Абас лирикатә ажәа лыԥшаахла апоет иҧсадгьыл ахь имоу абзиабара ааирԥшуеит, аҧхьаҩ игəеимҭарц залшом, заҟа гəыблыла дазыҟоу идгьыл гəакьа. Шамаха иззымдыруа дыҟам, аҧсуа бзиабартə лирикаҿы иреиҕьу хəа иалукааша "Исхароузеи" захьӡу, ашəаны ирҳəо Кьыршьал иажəеинраала.
Апоет ари иажəеинраала ахьӡ аҵаҟагьы ианиҵеит — ашəа ҳəа. Араҟа арифмеи аритми реиқəыршəара анаҩсангьы, иубоит амузыка ашьҭыбжьқəа зныруаз апоет иажəеинраала ашəаны ирымҳəар ада даҽа мҩак шамамыз.
"Лассы-лассы бысгəалашəоит,
Шаҟа схəыцра балоузеи!
Амацəыс еиҧш бысҿалашоит,
Шаҟа ба блашароузеи!
Бзиа бызбоит, ишҧасҳəари…
Уаҳа ҳəашьас иамоузеи?
Ба бҿы исымҳəар иабасҳəари,
Ишсабҳəара, исхароузеи?
Иаартны, аха заҟагьы иаҧсыуаны иааирҧшуазеи апоет имуза илзикуа ашəа! Аамҭа шаҟа цахьоузеи, аха ари ашəа иахьатəи ашəаҳəаҩцəа ррепертуар иалоуп, аҧсуа уи ашəа иаҳауеит изҩыз идунеи иҧсахижьҭеи акыр шықəс шыҵхьогьы, избанзар, апоезиа ду, ашəышықəсақəа ирықəлахоит, иажəӡом.
Кьыршьал Чачхалиа анырҳəо, зегь раҧхьаӡа ухшыҩ аҿы иааиуа иара иаамҭазтəи асистема иаҿагылоз иажəамаанақəа роуп. Асоветтə система ахаантəи ацензура ари ахырхарҭа уамак бзиа иабомызт, избанзар, ажəамаана "хысуан, еибашьуан", аҧсҭазааратə ҟыба-ӡыба хырҩа азызуаз асистема иаҿагылон.
Апоет Кьыршьал Чачхалиа иажəамаанақəа асистема "ишабашьуаз" еиҧшҵəҟьа, иара асистемагьы иара иҿагылон. Иҩымҭақəа дырхырҟьаны иусура дамырхуан, анахь дрышьҭуан, арахь дрышьҭуан, зны Тҟəарчал дазынрыжьуан, ихыҧша асистема еиланамыргьежьырц азы.
Апоет ибзианы дыздыруаз ишырҳəоз ала, иара ахьаҵра иҭахымызт, ирҿион иажəамаанақəа, рсахьа ҭихуан ачынуаа, ажəакала рыҭра иҭирҟьон аамҭа аҳра азызуаз ауаа. Дыҟоума иахьа зшəышықəса ахыҵра азгəаҳто апоет иҩымҭа "Еимаркуазеи" иамыҧхьац. Иҟоума абас даҽа ажəамаанак, иахьатəи аамҭазы актуалра злоу? Кыҷын иҳəақəа аҳəаҭраҿы изырҿыҿуа акəӡами иахьатəи аполитикцəа рҕыҕеибагара ҵаҵҕəыс иамоу?
Еимаркуеит,- иҳəеит иара,-
Зегьы агəҭаны аиара!
Ари зыҩуаз апоет аҟазшьа џьбара змаз, акгьы иацəымшəоз иакəын. Кьыршьал Чачхалиа иакəын изылшоз ОБКОМ ҳəа изышьҭаз аҿы, зегь иреиҳаз ачнуаҩ икабинет ашə аартны, игəы иаангоз ҳəаны ацара зылшоз. Акы заҵəык, иҟалап апоет ҟаимаҭ усҟан дазымхəыцуазтгьы, иара и-100 шықəса аназгəарҭо аамҭазы, "агəҭаны аиара" захьӡу аилкаара асовет аамҭа аасҭагьы иахьа актуалра аманы иҟалоит ҳəа. Апоет дзызгəаҟуаз, иажəамаанақəа рыла иааиршуаз ауаатəҩыса рыҧсҭазаараҿы асоциалтə, акультуратə бзазара ашьҭыҵреи, ауаҩы ахақəиҭра имаы дыҟазарц акəын. Апоет иажəамаанақəа рҕьырак рызкуп ачынуаа, урҭ рбеиара, аҳəынҭқарра раҵаҕьычшьа уҳəа, зегь ирдыруа — ачынуаҩра бжеиҳан иацу ақьар ду.
Са сзыхцəажəо ихьӡуп Ҷыра,
Шəҟалақəап уи дызбахьоу.
Уажə аабыкьа Очамчыра
Ахан иргылаз жəбахьоу?
Шəазхəыци, иахьатəи ҳаамҭазгьы ҷырараа заҟа ирацəоу, ириааизҳəагьы аӡəгьы дыҟам. Аха, асовет система аҳра анауаз аамҭазы, агəаҕьра змаз агении ида изылшодаз арҭ рҩызцəа ацəаҳəақəа раҧҵара?!
Иахьеи, уахеи ҳазлацəажəо абанкетқəа ртемагьы давымсит апоет. Иахьа урҭ абанкетқəа рхыҧхьаӡареи, аҳəынҭқарра уи иақəханарџьуеи еиҳамзар еиҵам ҳҳәаратәы иҟоуп ҳахьынашааԥшуа. "Иамырхызгьы абанкет иҭахуп, аҧара ҕəҕəа зфазгьы, абанкет иҭахуп",- иҳəоит Кьыршьал "Абанкетқəа" захьӡу иажəеинраалаҿы. Еиҭасҳəахуеит, агəаҕьра змаз ида ас аӡəгьы изыҩуамызт усҟан, агəаҕьра змам апоет ишаҳдыруа еиҧш акониунктура дацныҟəоит.
Кьыршьал Чачхалиа иҧсабараҿы еилаӡҩан аҟазареи, агəымшəареи, убри азоуп ирҿиамҭақəа наунагӡатəины изыҟоугьы. "Аха Бадҕа имоуп абҕа" ҳəа апоет дыззаҭгылоз атема зегь реиҳа зцəыргара гəаҕьыуацəаз акәзар ҟаларын усҟан. Ари аҩыза ажəеинраала маана акьыҧхьра мариамызт акоммунистцəа рхаан, уи зҩыз апоет ианарыжьуамызт. Кьыршьал инысымҩа уахəаҧшыр иубоит акгьы дшацəымшəоз, иԥсы ҭанаҵы инапы иҵихуаз арҿиамҭақəа рҿы ипоезиа ахырхарҭа дшацəхьамҵуаз. Кьыршьал Чачхалиа иажəамаанақəа рҕьырак политикатə хырхарҭоуп ирымо, уи иаанарҧшуеит анапхара рдунеихəаҧшышьа, русушьа астиль.
Апоет иажəамаанақəа ирылыҳəҳəоит ҳҳəар ауеит, иахьеи уахеи иаҳбо, зны-зынла ҳзыршанхо аҵааҟəрыларатə ҟазшьа змо акадртə политика. "Абгахəыҷы акгьы ахраӡам" захьӡу ажəамаана иккаӡа ианарҧшуеит ҭыҧк аҿы иҕьычыз дамхны, еиҳау даҽа ҭыҧк ирҭар шауа.
Зегь ахароуп
Абга ду,
Абгахəыҷы иазылызхыз
Амҩа ду!
Дсыздырӡом даҽа ҧсыуа поетк, абас иаахтны асистема зырҿиамҭақəа рыла иаҿагылоз.
Апоет Кьыршьал Чачхалиа иниҵит 52 шықəса, уи идунеи иҧсахт 1970 шықәса иун 3 рзы. Ареволиуциа ашьтахь, 1918 шықәса маи мза 25 рзы ииз апоет, иахьа, 100 ихыҵуеит.
Апоет иажəеинраалақəа реизга аҵыхəтəаны иҭыҵит 1988 шықәсазы. Уи аахыс иҵхьеит 30 шықəса, иџьашьахəуп аиашазы, ес-шар зышəҟəқəа ҭрыжьуа аныҟо аамҭазы, иреиҕьӡоу апоет аибашьра ашьҭахьтəи аҧсҭазаараҿы ашрифт ҿыц ала еиқəыршəаны иҩымҭақəа аҧхьаҩ иахьидгалам.
Иҧсы анҭазгьы асистема дышьҭнакаауамызт, иахьатəи аамҭа асистемагьы даҿагылоит иаҳзынижьыз иҩымҭақəа рыла- уи акəхап ишəҟəқəа рҭыжьрагьы змырццакуа!
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.