Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиа афестиваль "Интермузеи" иазкны: алҵшәа бзиақәа ҳарзыԥшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЭльвира Арсалия
Эльвира Арсалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩажәатәи Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи" Аԥсны алахәхоит ҳәа Sputnik ахь адырра ҟалҵеит акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа.
Арсалиа "Интермузеи" иазкны: алҵшәа бзиақәа ҳарзыԥшуп

"Сынтәа уи рхы аладырхәуеит Дырмит Гәылиа илитература-мемориалтә музеи аусзуҩцәа. Дара идырхиеит уаҟа Аԥсны ӡырызго аекспозициа. Акультура, алитература, аҭоурых адагьы  уи ианыԥшуеит Аԥсныи Урыстәылеи ркультуратә еимадарақәа ҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы. Амузеиқәа рфорум хықәкы хадас иамоу жәларбжьаратәи аимадарақәа рыбжьаҵароуп.  Гәылиа имузеи алҳхит сынтәа. Гьаргь Гәылиа диижьҭеи 105 шықәса ҵит, иара иҭоурых, иҩымҭақәа ари амузеи иахәҭакуп, уи атемагьы адаҳхәалеит аԥсуа павилион. Ҳара ҳмузеи ацәыргақәҵа анаҩс, уаҟа ԥшьышә  музеи инареиҳаны русумҭақәа ӡырыргоит. Иаҳҳәап, Пушкин имузеи, Ермитаж, Европатәи амузеи дуқәа. Афорум ахьынӡамҩаԥысуа амузеи аусзуҩцәа аҭагылазаашьа рымоуп амастер-классқәа, алекциақәа роума, иахьатәи аамҭазы  иарбан мҩоу изныло, еицырдыруа амузеиқәа русураҟны еиҭакрақәас иҟоу ирылацәажәоит. Сгәы иаанагоит уи зхы алазырхәуа ҳмузеи ахаҭарнакцәа иргәаԥхап, русураҟны алҵшәа бзиа рнаҭап ҳәа", — азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Аҩажәатәи Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи" лаҵарамза 31 инаркны рашәара 3-нӡа  Урыстәыла аҳҭнықалақь ВДНХ иахьаҵанакуа имҩаԥыслоит. Аԥсны сынтәа ҩынтәуп уи иалахәижьҭеи.

Инарҭбаан ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0