00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Исахьарку ажәа
18:26
3 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Исахьарку ажәа
21:26
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра аҳаҭыраз Ҭырқәтәыла аҭыхрақәа мҩаԥган
13:34
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәа амш сынтәа ԥхынгәы 5 рзы иазгәаҭахоит
13:37
15 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Посредник
Бутба: готовность к турсезону, кадры, оснащение медучреждений
14:21
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Гражданин и начальник
Сельское хозяйсво Абхазии: перспективные направления и продовольственная безопасность
14:46
27 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Работа детского омбудсмена в Абхазии
18:49
3 мин
Посредник
Бутба: готовность к турсезону, кадры, оснащение медучреждений
18:52
13 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Апоет–сатирик Кьыршьал Чачхалиа 100 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Аҟәа

© Foto / из архива семьи ЧачхалиаКьыршьал Чачхалиа
Кьыршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа литератураҿы зхатә стили зажәа мцабзи рыла инарылукаауаз апоет – сатирик Кьыршьал Чачхалиа 100 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Апоет ирҿиара иазҿлымҳаз ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, иара ус алитература абзиабаҩцәа зегьы атеатр иаҭааит апоет дыргәаладыршәарц.

Ажурналист, амҩаԥгаҩ Рада Аргәын ахәылԥаз аалыртит апоет ицәаҳәақәа "Ишԥабзиоу ауаҩы ииуа ииҳәо еиқәшәозар" ала. Иазгәалҭеит, апоет ииумор – исатира угәы атымитыша иагәылган изго акы акәны ишыҟоу.

Анаҩс, еизаз зегьы идырбан Кьыршьал Шамил-иԥа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи иазкыз адокументалтә фильм. Афильм аҿы иаарԥшын апоет дахьииз иқыҭа гәакьа Ԥақәашь иазкыз игәалашәарақәеи дызҿыԥшуаз, рҵаҩыс имаз Леонти Лабахәуа изкыз игәалашәарақәеи. Уа ажәа ихырҳәааит: алитератураҭҵааҩ Владимир Агрба, аҭоурыхҭҵааҩ Ермолаи Аџьынџьал, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Кәарҷиа, апоет Терент Ҷаниа, уҳәа реиԥш иҟаз ауаа нагақәа.

Адокументалтә фильм анхыркәшаха, ажәа рыҭан апоет, Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариеи апоет, аҵарауаҩ Денис Чачхалиеи.

Владимир Занҭариа ажәа лыԥшаахла дахцәажәеит апоет инысымҩа, даԥхьеит "Еимаркуазеи", "Абгахәыҷы аҟара кәтыжь зфахьада", реиԥш иҟоу асатиратә жәеинраалақәа. Денис Кьыршьал-иԥа иакәзар, иаб изку гәалашәарақәак еизаз ирзеиҭаиҳәеит, дырзаԥхьеит асатиратә жәеинраалақәа.

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы, апоет Вахтанг Аԥҳазоу иҳәоит:

"Апоет имҩа хыхь-гәыхь шацызгьы, хьаҵра закәу издыруамызт, иааирԥшуазгьы аԥсҭазаара иалаҵәҟьаз ахаҿсахьақәа ракәын. Иҩымҭақәа рбызшәа цқьан, ргәынкылара мариан. Згәы каҳан иҟаз рзы — игәышьҭыхган".

Апоет Гәында Сақаниаԥҳа даԥхьеит апоет иажәеинраалақәа, уи иазгәалҭеит: "Кьыршьал аамҭа даиааит, аамҭа дақәлахеит. Ажәлар рыбзиабара иалнахыз, наӡаӡа ргәаҵаҿы даанхоит" ҳәа.

Ахәылԥаз иалахәын Аԥсуа драматә театр актиорцәа Даур Арухааи Саид Лазбеи. Урҭ аԥсы ахаҵаны иаԥхьеит апоет иажәеинраалақәа.

Кьаршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Агəаҕьра змаз агении

Иазгәаҭатәуп, Кьыршьал Чачхалиа апоет-сатирикк иаҳасабала ихьӡ шаҳдыруагьы, уи ипоезиа абзиабаратә тематика рахәыц ҟаԥшьыла ишалгоу. Иаԥиҵахьеит ԥсра-ӡра зқәым абзиабаратә жәеинраалақәа, урҭ иреиуоуп "Лассы-лассы бысгәалашәоит".

Иазгәаҭатәуп, 1968 шықәсазы ари ажәеинраалазы амузыка иҩит аԥсуа композитор Руслан Агәмаа, иналыгӡеит Виолетта Маанԥҳа. Убри аахыс ажәлар ирылаҵәеит, сынтәа уи ашәа иахыҵит 50 шықәса.

Кьыршьал Чачхалиа иажәеинраалақәа жәпакы ашәақәа рылырххьан, урҭ иреиуан: "Фама", "О, сыԥшӡа, Сыԥсынтәыла", "Абзиабара", "Аҽҵыс".

Лаҵарамза 30 рзы Кьыршьал Чачхалиа Аҟәа дахьынхоз иуадаҿы икнаҳан агәаларшәагатә ҭӡы.

Иаарласны иҭыҵран иҟоуп Уасил Шамониа-иԥаа Аҩӡба еиқәиршәаз иубилеитәу ҩ-томкны иҟоу Кьыршьал Чачхалиа иҩымҭақәа реизга.

Алитератураҭҵааҩ, акритик Владимир Аҵнариа "аччара арыцарь" ҳәа дзышьҭаз Кьыршьал Шамил-иԥа Чачхалиа иԥсҭазаара далҵит рашәарамза 4, 1970 шықәсазы 52 шықәса дшырҭагылаз.

© Sputnik Бадрак АвидзбаТоржественный вечер в честь 100-летия со дня рождения Киршала Чачхалия
Торжественный вечер в честь 100-летия со дня рождения Киршала Чачхалия - Sputnik Аҧсны
Торжественный вечер в честь 100-летия со дня рождения Киршала Чачхалия
Ажәабжьқәа зегьы
0