"Хра злоу ахҭысқәа": Арҷелиа апаҿақәа ирыцу ашәарҭара иазкны
"Апаҿа ауаҩы ицәа иақәтәаны ианыибалак, ашҳам аанымхартә еиԥш иалихыроуп, уи ихы дықәымгәыӷуазар, аҳақьымцәа дрыдҵаалар ауп. Анаҩс апаҿа ҭҵаатәуп уи ачымазарақәа алоу иаламу еилкаатәуп. Ауаҩы апаҿа аницҳа нахыс, хәы-мыш фы-мыш игәиҽанызароуп, ишуора халама, ихы ихьуама. Иара ахәаҷа ахьицаҳаз аҭыԥ ҟаԥшьхазар, ауаҩы иаразнак ахәышәтәырҭа дадҵаалар ауп. Апаҿақәа иныҟәыргоит аҿкы чымазарақәа ауаҩы иԥсҭазаара ашәараҭара иҭазыргыло", — ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.