Арда Ашәба: аԥсуаа рҿы аџьықәреи иалхны ируа абысҭа ҳаҭыр ақәуп

© Sputnik / Илона ХварцкияАбыста
Абыста - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ичеиџьыка зыда ухаҿы иузаамго ачыс хада - абысҭа иазкуп Сырма Ашәԥҳа иазлырхиаз аматериал.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭҵаарақәа изларҳәо ала, ҳтәылаҿы аџьықәреи аарыхра напы адыркаанӡа, ахархәара змаз ашыи ахәыӡи ракәын. Иахьа, ныҳәагатәык ҟаҳҵозаргьы, мацәазк иадамхаргьы, амч амоуп, аразра ацуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

"Аԥсуаа рҟны абысҭа пату ақәуп. Сасык дырзааир, иаразнак ахьуарӡы ақәдыргылоит. Ахьуарӡы, ажәа ахаҭа иҳанаҳәо рацәоуп. Ахьы ауразы аӡы.  Абысҭа зларуаз ачуан ахааназы ирыԥсахӡомызт, акәац аларжәӡомызт. Ачуан ахаҭа иԥшьоу маруган иԥхьаӡоуп", — ҳәа азгәаиҭоит афольклорҭҵааҩ, аҵарауаҩ Арда Ашәба.

Ииашаҵәҟьаны, аԥсуаа иҵасым зхырҳәаауаз даара ирацәан. Урҭқәа ртәы ҳаилиркааит ҳзыҿцәажәоз, аԥсуара иамоу амахәҭақәа рыҭҵаара иахьа уажәраанӡагьы иазааԥсо, знапы алаку аҵарауаҩ.

Абыста  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны

"Иаҳҳәап, амҳабысҭа бысҭа хәыҷык амамкәа иуӡәӡәар, иҵасым рҳәон. Аҵыхәтәаны ачуан иҭыргоз аҿахра аӡӷаб лыҭара иазыразымызт, ахьча дигоит ҳәа. Уимоу, аԥхьаӡа иахырхуаз аҿахра ахәыҷы иҿарҵаӡомызт. Аџьықәреи арыц амца иақәыԥсар, иблыр, арыцҳара ҟалар алшоит ҳәа иԥхьаӡан", — ҳәа азгәеиҭоит Ашәба.

Хымԥада, аԥсуаа раарыхра наџьнатә аахыс пату акәырҵоит, еиҳаракгьы аџьықәреи аалыҵ. Аӡлагара аҟынтә иргозар, ахәы азынрыжьуан, мамзаргьы иԥсахны ирымшәар, иҵасым, уԥсышьа цәгьахоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Иара убас, ачаӷьа уаӷрагылар, ишәиуеит ҳәа иахәаԥшуан аиҳабацәа.

Аџьықәреи иарбан чысхкызаалак иалымҵуа ыҟаӡам. Уи лаганы, ашыла иалхны ируеит абысҭа, ирӡуеит амгьал. Ҽеила имшәыц аџьықәреи арыцқәа ирылырхуеит ахәша, уимоу жәлар рмедицинаҿы, аџьықәреи ахышәҭ аҟара ихәарҭоу егьыҟам. Уи еиҵарԥхьаны иужәлар, аҷаҷа, агәаҵәа, абаҩхьаа уҳәа, ачымазарақәа рыхәышәтәразы ицхыраагӡоуп.

Аԥсуаа рҿы ҳаҭырла иазнеиуеит жәытә-натә аахыс ашыла иалхны ируа абысҭа. Убри азы, аԥшәамаԥҳәыс еснагь лыкҿаҩра ашыла агны иҟамлароуп. Лгәылҽанӡамкәа сасык дылҭаар, дыԥхамшьарц азы.

"Сара схәыҷы аахыс исгәалашәоит, сасык, ҳҭынхак ҳашҟа дымҩахыҵыр, абысҭа ԥха иҿамҵакәа сҭаацәа дшырмышьҭуаз. Сан д-Багаҭелиаԥҳан, лыԥсҭазаара далҵхьеит, амца дахагыланы лкасы лхаҵаны, амҳабысҭала ахьуарӡы иаҵшьуа, абысҭа анылуаз иахьеиԥш сыбла ихгылоуп. Аҿахрақәагьы маҷымкәа ианылҵон, иааиз асас дацәыԥхамшьакәа ифарц", — ҳәа азгәалҭоит Еҭери Лагәлааԥҳа.

Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵ инхо аԥсуаа, иахьа уажәраанӡа имырӡкәа еиқәырханы иааргоит рмилаҭтә чысхкқәа. Ҳәарада, урҭ ираԥхьагылоуп абысҭа.

Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
Ашә, абысҭа, нас арҵәы

"Ҳара ҳанацәа излаҳдырбаз ала, абысҭа еизакны чанах ҟьаҟьак ианаҳҵоит. Нас, арахәыц ала еихҳарссоит. Ашә алаҳҵоит, акәацгьы наваҳҵоит, агәҭа иааҭаргәаҩаны ахәша агәылаҳҭәоит, аџьыкагь нақәаҳҵоит", — лҳәеит Ҭыркәтәыла аԥсуа бысҭа ҳзызухьоу Севиль Ахԥҳа.

Абзыԥқәеи абжьыуааи ракәзар, рбысҭа аушьа еиԥшӡам. Абжьыуаа, ахрыӷ бзианы иҵыӡәӡәааны, ачуан иҭаԥсаны идырсоит. Анаҩс, ашыла алаԥсаны абысҭа руеит. Абзыԥқәа, аӡы унапы иаачҳауа ианҟәандахалак, ашыла ҭаԥсаны идырсоит. Ибзианы ианысалак, ашыла еиҭа иахаԥсаны абысҭа руеит. Иҟоуп аџьықәреи ҩежь иалхны ианыҟарҵогьы.

Аџьықәреи аарыхны аца аҟынӡа инаганы аҭаԥсара аџьабаа ду аҭахуп. Аха, аԥсуаа ианакәызаалак рыбаҩ иацәаашьаӡомызт, адгьыл иқәаарыхуан, рырахә-рышәахә, руҭра-сыҭра, рыхш-харҵәы уҳәа, сасык дааир, рыбӷа еиҵыхны "Бзиала уаабеит!" ҳәа иԥылон. Хымԥада, урҭ атрадициақәа ахааназгьы имыӡроуп. Ҳарҭ аԥсуаа даҽа милаҭк ҳрыламҩашьо ҳҟазҵо, наџьнатә аахыс ҳаиҳабацәа рыбла ҷыц еиԥш иахӡыӡаауа иахьа уажәраанӡа иаҳзааргаз ҳқьабызқәа роуп. Ари нахысгьы аихаҳара Ҳазшаз иҳаҭәишьааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0