Аволонтиорцәеи археологцәеи Цибилиум аизак руак дрыцқьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРуины крепости Цибилиум
Руины крепости Цибилиум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цибилиум Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь зныкгьы идымрыцқьацызт. 25 шықәса рыҩныҵҟа абнара иакит.

АҞӘА, рашәара 26– Sputnik. Аволонтиорцәеи акультура аминистрра аусзуҩцәеи археологцәеи рҽеибаркны Цибилиум аизак руак дрыцқьеит ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит активистцәа руаӡәк, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Алхас Џьынџьал.

"Ҵыԥхтәи ашықәс инаркны Баҭал Џьопуа ҳхадараҿы дыҟаны Цибилиум арыцқьара нап аҳаркит. Уажәы арахь иҳацааит Ҭенгиз Ҭарба зхадараҿы дыҟаз аволонтиорцәа. Дара ирыцын археологцәа, аҵарауаа. Уаанӡа дара Амтҟьали Камани иахьрыҵаркуа аҭыԥқәа рҟны агәам-сам ықәыргахьан, Ҵабалтәи абаа абнара хырҟьахьан. Уажәы ҳара аус аауан Иури Воронов аԥшаарақәа ахьымҩаԥигоз аҭыԥ аҟны", — ҳәа еиҭеиҳәоит Џьынџьал.

Цибилиум Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь зныкгьы идымрыцқьацызт. 25 шықәса рыҩныҵҟа абнара иакит.

Знык ала акомплекс арыцқьара залмыршахеит.

"Ҳара ҳазыхиоуп аусурақәа рыцҵара. Уажәазы 20-ҩык инарыцны ҳаҟан. Агәыԥ алахәылацәа реиҳараҩык аҿар роуп", — ҳәа еиҭеиҳәоит адепутат.

Аволонтиорцәеи археологцәеи Акультура аминистрра аусзуҩцәеи ирыгәҭакуп аамҭа-аамҭала Ҵабалҟа ахалара. Дара ирхықәкы хадоу абаахьы унеиртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵареи атурист маршрут аиҿкаареи роуп.

Субботник в Каманах - Sputnik Аҧсны
Аволонтиорцәа Каман дрыцқьеит

"Цәыббра 30 рзы иаҳҭахуп абираҟ ахаргылара, акәша-мыкәша иахьынӡалшо арыцқьара" ҳәа еиҭеиҳәоит Џьынџьал.

Аволонтиорцәа иара убасгьы ирыгәҭакуп Гагра араион аҿы иҟоу Хашыԥсатәи абаа арыцқьара. Уи "аԥшааҩцәа еиқәаҵәақәа" ҳәа ззырҳәо лассы-лассы иаҭаалоит.

"Аҵакы змоу ҭоурыхтә обиектуп. Зегьы ҳамҽхаҳкыртә еиԥш амчқәа ҳамам. Ауаа азхьаҳарԥшыр ҳҭахуп Аԥсны ҭоурыхтә баҟала ишбеиоу. Абри аганахь ала Аԥсны адунеи ахьыршәыгәқәа иреиуоуп. Ҳахьазхаҵам акыр иаҳԥырхагоуп. Адунеитә ҭҵаарадырра арҭ абаҟақәа ирызхьаԥшыртә иаҳзыҟаҵом", — ҳәа еиҭеиҳәоит аволантиор.

Цибилиум абаа – Аԥсны иналукааша аҭоурых баҟақәа иреиуоуп. Ажәытә зны, VI-VIII ашәышықәсақәа раан ара итәан Аԥсилиа ахадацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0