Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Аамҭа ԥхьаҟа ицоит, хымԥада, ауаҩытәыҩса ихдыррагьы аҽаԥсахуеит. Егьа ус иҟазаргьы, иарбан милаҭзаалак ирымоуп дара рхатә ҷыдарақәа. Урҭ еицакра рықәымкәа аамҭа аӡыблара иамҭакәа аиқәырхара зылшаз ажәлар, жәлары наӡаны иаанхоит. Аԥсуаа, ҳабла ҷыц еиԥш ҳзыхӡыӡаауа аҵасқәа рацәаны иҳамоуп.
Ажәытәтәи абиԥара иаҵанакуа ҳажәлар рахьтә зегьы ҵара-дыррала ихаҭәаан иҟамзаргьы рыхшыҩ ҵарын, ишырҳәо еиԥш, ҵарада ахшыҩ рыман, ражәа акрыԥхылнадон. Лассы-лаасы исгәалашәалоит, шықәсқәак раԥхьа сзыҿцәажәоз Ҭырқәтәылатәи аԥсыуак ииҳәаз ахшыҩҵак: "Аԥсуара ахьыҟоу ауаҩра аҿоуп, ауаҩра ахьыҟоу аԥсуара аҿоуп" —ҳәа.
Иҟалап, иансаҳаҵәҟьа зеиԥшла срызнеизар арҭ ацәаҳәақәа, аҩны санааи, абӷьыц ахь ииаганы ианысҵеит, исшәеит-иззеит. Ҳаԥсуара зегьы абарҭ ацәаҳәақәа рҿы аԥсы ҭазшәа исзааит. Ҳбызшәа аиқәырхара, ҳҵас-ҳқьабз ахӡыӡаара, ишақәнагоу аныҟәгара, дыҟамзар ҟалап аԥсыуак уи гәацԥыҳәарала иазымнеиуа. Иҳагу иҳабзоу ҳала ихибамыкшалакәа аҳәара, амҩа иашахь ҳкылсит ауп иаанаго. Убри азы, хымԥада иахәҭоуп аԥсҭазааратә ԥышәа змоу ауаа рзыӡырҩра, рабжьгарақәа рыдкылара.
"Ҳара ҳҭаацәа рацәан, ҳани ҳаби фҩык ахшара ҳрааӡеит. Сан ҳааӡараҿы лхы иқәылхуаз аџьыка иахьагьы исгәалашәоит. Саб, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду даветеранын. Аԥҳәыс, ан, иналыгӡо ароль даара аҵакы амоуп аԥсуа ҭаацәараҿы. Ааӡара аҭаацәа рҟынтә ауп иахьалаго. Абри азҵаараҿгьы ажәытәуаа имҩаԥыргоз аформа уҽҭаугӡар, акырӡа уарԥшӡоит", — ҳәа азгәеиҭоит Ныгәзар Логәуа.
Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рҿаԥхьа иҵару зҵаараны иқәгылоуп адемографиа азҵаара. Аҿиара бзиа аныҟала, ҳмилаҭ ашәарҭара иҭагыларц залшом. Уи иаӡбарц иалшо аҭагылазаашьақәа рацәахоит.
"Аҭаацәа рышьақәгылара шьақәзырӷәӷәо аҿиароуп. Уи даара махәҭа рацәала аҽеибанаркуеит. Зегь раԥхьа иргыланы аҭаацәара ишьҭнахуа аҵакы уазхәыцроуп, ишабалак уазнеир ҟалаӡом. Аҭаацәара аԥҵара анаҩсангьы, иаҭахуп уи аиқәырхара. Аҭаацәа реилыҵра зыхҟьо, иара злашьақәгылоу агәыцә анкәадахо ауп. Ус ҟамлароуп, аҭаацәаратә механизм ишахәҭоу аус ауроуп", — иҳәеит Ныгәзар Логәуа.
Ауаҩытәыҩса ихымҩаԥгараҿы дзырԥшӡо ҳәа иԥхьаӡоуп аԥхашьара. Иԥхашьаз ауаҩы, аламысгьы имоуп, ауаҩрагьы илоуп. Уи мчыла азакуан иуднаҵеит ҳәа иузныҟәгаӡом. Угәацԥыҳәаны, иуҭахны амаҵ азууроуп.
Аҿиара аганахь ала, Ныгәзар Логуа игәаанагара злаҟоу ала, уҳаигәырӷьаратәы ҳаҟаӡам. Уи ииашоу ахырхарҭа азылхтәуп, зынӡа ихьшәахаанӡа. Аҿар рхымҩаԥгашьа иацклаԥшыроуп.
"Аҭаацәараҿы игылоу ахада еиқәирхо рацәоуп, иҵанакуа рацәоуп. Ажәа иалоуп, "аԥсуа хаҵа иҟама аҭра иҭимгар ауп" — ҳәа. Избанзар иҟама аҭра ианҭигалак, ашьа ахьмыршыкәа иҭеиҵар ҟалаӡом ҳәа. Шәазхәыц, иара ажәа џьбарашәа иҟоуп, аха аԥсуа изы шаҟа аҵанакуа. Акьарахәгьы сыҟәнуп ҳәа даҵаҽырбомызт, ҵакык аман", — ҳәа азгәеиҭоит ҳзыҿцәажәоз.
Абџьар ныҟәызго ауаҩы изныҟәиго, насгьы иаҵанакуа идыруазароуп. Уи иара ахатә хымҩаԥгашьа, азнеишьа амоуп. Аки-аки зегьы еицраԥшьуп, акы агәылшәар, даҽак шахәҭоу еиԥш изышьақәыглом.
"Адемографиа азҵаара ҳаналацәажәо, зегь раеиҳа ихадароуп ҳәа сыԥхьаӡоит ауаҩы аԥсуаҵас иааӡара. Абарҭ ақьабзқәа маҷӡак иадымхаргьы еиқәхарц азы, ажәытәтәи рҟазшьақәа ҵакыла ирхынҳәтәуп", — иҳәоит Нугзар Логәуа.
Амилаҭ иара ахатә культура амоуп. Уи ахаҿра еицамкырц азы иҭҵаатәуп, насгьы ахархәара амазароуп. Иаҳҳәозар, иара ашәаҳәареи акәашареи машәырла иҟамлаӡеит.
"Аҩы зжәит ҳәа ашәа анцәыругалак ҟалаӡомызт. Аиҳабы уизымӡырҩыр, уи пату иқәумҵаӡеит ауп иаанаго. Иаҵәца кны аиҳабы дгылан данцәажәо, ҳарҭгьы ҳшьапы ҳахгыланы ҳаизыӡырҩыр ауп. Ҳқьаф аныҟалалакгьы, ашәа аҳәашьа аформа ҳзымдырӡакәа ашәаҳәара ҳалагоит. Уи шаҟа иԥшӡамзеи. Ҭыӷьӡаа реиԥш ҳаиламлакәа, аишәачарагьы ырԥшӡаны имҩаԥаҳгароуп", — ҳәа азиԥхьаӡоит Логәуа.
Ахаҿы змам ажәлар жәларны изыҟалаӡом. Ас еиԥш ауадаҩрақәа иахьабалакгьы иҟоуп, аха риааира хымԥада иаҭахуп. Асахьаҭыхыҩцәа ракәзар, ари аус дара рҟазшьа аныԥшуеит, рхатә азнеишьа рымоуп.
"Малевич ҳәа аурыс сахьаҭыхҩы дуӡӡак дыҟан. Убри, анхацәеи аусуцәеи рхаҽсахьа хаҿыдан аҭыхра далагеит. Абри ззыҟаиҵоз усҟан ирзеилкааӡомызт. Асовет мчра ҿыц ианышьақәгыла, ауаа раҳаҭыр ланарҟәит азныказы. Рытрадициақәа рымнахит, ирыцәнарӡит. Иара гәаӷьс имаз иҩныҵҟа иӷраԥырҽын, доуҳала дҭацәит, Анцәеи иареи еиҟәыргеит. Нас аԥшьганеиҟараиша еиқәаҵәа ҟаиҵеит. Уи ауаатәыҩса рыҿиара доуҳала иаҿагылоз системахеит. Абри иара акәакь еиқәаҵәа ахьӡиҵеит, инагангьы икнеиҳаит. "Изакәызеи?" — ҳәа ианиазҵаалак, "шәара шәоуп иҟазҵаз, сара сакәӡам" — иҳәон. Ашә аарттәуп, аха ҳамч ақәымхар ҟалоит, ҳаԥхьаҟа игыло аҿар ашә аартра рылшароуп иҳәон", — ҳәа азгәеиҭоит асахьаҭыхҩы.
Аҳәынҭқарра аныҟәгараҿы, хымԥада игылоуп адоуҳатә мазара, уи еснагь аԥсы ҭазароуп, ес ииуа ирыцироуп. Ауаҩытәыҩса малла-шьалла егьа дбеиазаргьы, идоуҳатә ԥсҭазаара, идоуҳатә беиаара дахьыҟазаалак ицзароуп. Аԥсуаа рдоуҳамч еснагь иӷәӷәан, аринахысгьы еицакра ақәымлааит!