Егьырҭ ирыламҩашьо аԥсуа культура

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша еиҳабы Цира Габниаԥҳа аԥсуаа рдоуҳатә культура азы лгәаанагара зеиԥшроу еилылкаауан Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа.

Аԥсуаа зқьышықәсала еихаҳауа иааҳго ҳкультура ажәлар рыԥсҭазаара зегьы ҳәаақәнаҵоит, еиднакылоит, изнысыз амҩа доуҳатә шьаҭас иамоуп. Ҳара ҳкультура даҽа жәларык ҳрылазмырҩашьо аҿыгҳарақәа рыла еиларсуп, иахәҭакуп Кавказтәи акультура. Ҳкультура ажәлар рышьҭа еиқәырханы ашьҭахь иааиуа абиԥара рызнагароуп ихадароу ҳәа.

Цира Габниаԥҳа излазгәалҭаз ала, ажәлар знысуа аҭоурыхтә етапқәа рҿы џьара инымхаӡакәаны ианрылшо етапк аҿы иҟоу абиԥара ҳаԥсҭазаара ҳәаақәызҵо ианрылшалакгьи убри еиқәырханы, иацҵаны, иазырҳаны дара ирышьҭанеиуа абиԥара усҟан уи еиҳа-еиҳа еизҳауеит. Убри ауп акультура абиԥарақәа рышҟа ииасуа. Аха абиԥарақәа ирылымшар усҟан иара амилаҭ, акультура ҳамоуп ҳәа ажәларгьы ирызҳәаӡом, ацәыӡ дуӡӡагьы ҟалоит.

Абхазская семья. Фотогравюра. - Sputnik Аҧсны
Ирҳәоит аԥсуаа ауаҩы дыԥҵәазар деиԥызшьуа ауаа ҳаман ҳәа

"Ҳара иҳамоуп ҳжәытә доуҳатә культура дуӡӡа даҽа культурақәак аныԥшуазаргьы, иара адунеитә культура хазырҭәаауа амазарақәа ируаку. Ҳазнысыз амҩаҿы ҳкультура анырра азҭоз маҷӡамызт, аха аԥсуаа урҭқәа зегьы ырсаны, иреиӷьу алхны ҳкультура иахарҳауан еснагь ижәытәӡатәиу ашьаҭақәа змоу аԥсуа культура иаҵаҵәахуп хәы змаӡам адоуҳатә беиара.

Иароуп ҳара иахьа уажәраанӡа ҳаиқәырханы ҳаазгогьы. Изларылшозеи уи еихазҳауаз абиԥарақәа иара аиқәырхара? Аиқәырхара рылзыршаз ҳкультура шьаҭас иамоу акосмогониатә ҟазшьа ауп. Ажәлар идырҿиаз зегьы иацын Анцәа илаԥши ихылаԥшреи ҳәа ирыԥхьаӡон дара", — лҳәеит Габниаԥҳа.

Аԥсуа ҭҵааратә институт афольклор аҟәша еиҳабы лажәақәа рыла, аԥсуаа ҳдоуҳатә культураҿы, иара акультураҿы уашәшәыррақәа ҳныԥшуазаргьы, макьана ҳҿы зыӷәӷәоу убри ауп, акультура абантәаауеи, иарбан хыҵхырҭақәоу иамоу анаҳҳәо иаразнак ҳхаҿы иааиуеит амифологиа, адинхаҵара, ҳхаҿы иааиуеит аҟазара ахкқәа зегьы урҭ рыда иара акультуру ахаҭа зыҟалаӡом. Абарҭ зыӡбахә ҳҳәо абаҟақәа зегьы ҳара ҿыӷәӷәала ҳцәажәо ҳҟанаҵеит.

Кавказ зегьы, иара Аԥсынтәыла ирацәаны акультурақәа ахьеилысуа аҭыԥ аҿы иҟоуп. Араҟа амрагыларатәи акультуреи аҭыԥантәи акультуреи аилысра роуан, иара амраҭашәаратәи акультура ақьырсиан культура ыҟан, амсылман культура ыҟан. Абарҭқәа зегьы анырра ду шыҟарҵазгьы, абри аҭыԥан ииыз иҿиаз акультура аԥыжәара агон ианакәзаалак. Избанзар уи дара еиҳа агәра ргон.

"Аԥсуаа рыԥсҭазаара еиӷьызтәуаз, дара доуҳала изырбеиоз ирзыманшәалоз акәын. Хымԥада, уи иаанагаӡом зынӡа анырра ҟарҵомызт ҳәа, ҿырԥштәыс иаагозар Византиатәи акультура ара анырра ӷәӷәа ҟанаҵеит. Еиҳарак аматериалтә культураҿы.

Аматериалтә культуреи адоуҳатә культуреи дара еиларсуп, аха ара Византиаа анаа, идыргыло иалагоит аԥшьаҭыԥқәа, еиуеиԥшым абаҟақәа. Аԥсуаа убарҭ рыԥшьаҭыԥқәа андыргылоз аԥсуа ҟазацәагьы рываргыланы идыргылон", — лҳәеит Габниаԥҳа.

Архивтә фотосахьа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп

Аха аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы, рыԥсҭазаараҿы уи икультуратә баҟангьы иҟан, аха зегьы акоуп дара рыԥшьаҭыԥқәа рдоуҳа хыҵхырҭақәа еиҳа рҽырзааигәатәны аиқәырхара рылшеит, егьигьы инавагыла-аавагыланы авсшьа иақәшәаны дара ртәы аҭыжъара еснагь иадыргон. Избан убас аԥыжәара загоз, иаҳҳәап, избанзар заҟа аҭыԥантәи ӷәӷәо аҟара аилаӡҩара, ауашәыррақәа рацәаны аҭара мариахаӡом.

Избан аԥсуаа ирылзыршеи дара рдоуҳатә культура аԥыжәара аго аҟаҵара ҳәа азҵаара шьҭырхуазар. Зегьы раԥхьа игылоу —  аԥсуаа рдоуҳатә баҟақәа рҿы еснагь ахыҵхырҭа акосмологиатә ҟазшьа амоуп. Жытә-натә аахысгьы дара рыԥсҭазаара, рдоуҳатә культура аҿиараҿы еснагь ихьаԥшуан Анцәа ишҟа. Дара рыԥсҭазаара зегьы жәиантәи иааиз, Анцәа иҟынтә иааиз акәны иахәаԥшуан, ҿырԥшыгас иаагозар Аԥсадгьыл. Аԥсуаа рыԥсадгьыл аиурагьы акосмологиатә ҟазшьа амоуп, ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.

"Уи анцәа ииҭеит абра унха, уқәӷьаца ҳәа. Аха уи инадкылангьы асасдкыларагьы акосмологиатә ҟазшьа амоуп. Избан акәзар аԥсуаа ирҳәоит асас Анцәа иоуп дысзаазышьҭыз, уи быжьнасыԥк имоуп – фба сара исзынижьуеит, акоуп иара ииго ҳәа. Иара асас иааирагьы хыхьнтәи, жәҩанынтәи иҳамҭаны иҟоу адоуҳатә шьаҭа аманы дахәаԥшуеит. Ажәлар рдоуҳатә культура зегьы еидызкыло, иԥшьоу акакәны иршьо Аԥсуара.

Аԥсуарагьы Анцәа ииҭаз, иара изишаз, даԥсуаны дҟазҵаз Анцәа иакәны дахәаԥшуеит аԥсуа. Анцәа изааишьҭыз аԥсуара иаҳәо аканонқәа реилагарагьы ҟалаӡом ҳәа. Уи дара рыԥсҭазаара ҳәаақәнаҵон, аха иагьацәшәон, иагьацәыԥхашьон, избанзар иԥшьан Анцәа иҟынтәи иааиз оуп ҳәа ирыԥхьаӡон", — лҳәеит Цира Габниаԥҳа.

Избан акәзар уа иҟоу аԥсуаа ирыԥхьаӡоит зегь раасҭа Анцәа игәаԥхо ауаҩра ауп ҳәа. Аԥсуара зегьы еидызкыло гәыԥ хаданы иҟоу ауҩра. Егьа мал ыҟазаргьы ауаҩра еиҳау амал ыҟаӡам ҳәа иԥхьаӡон азын аԥсуаа рҿы ианакәзаалакгьы акгьы ахырҟаӡомызт. Абарҭқәа рыҩныҵҟа иҟоуп ҳәа сгәы иаанагоит аидиологиа, аха ари аидиологиа зехьынџьара доуҳала еиҿартәу, хыҵхырҭасгьы измоу культура дууп ҳәа азаҳҳәар ҳалшоит. Избанзар адоуҳауп уа зехьынџьара иҟоу, ҳә азгәалҭеит Аԥсуа ҭҵааратә институт афольклор аҟәша еиҳабы. 

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Иахьа иаҳцәыӡуа ҳазлагаз аҭаацәаара аԥҵара атрадициақәа

Аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура абеиара иамоу еиднакылоит ҳдоуҳатә кодекс ду "Аԥсуара". Иара шәҟәыла иҩны ишьҭыхым, аха уаҟа ирацәоуп аԥсуаа зықәныҟәоз аԥҟарақәа, иныҟәыргоз ақьабзқәа, аҵасқәа. Есымшагьы иубон уи иамоу абеиара ахьынӡаҳараку. Аԥсҭазаараҿы рхы иадырхәон.

"Ҳара ҳаԥсуара акультураҿы иҟоуп ҳхеиқәырхаратә мҩақәа зегьы. Уи ҿыц иашьҭаланы аԥҵара аҭахӡам. Урҭ иргәылаланы, ирылаԥшааны, аԥсҭазаараҿы ирымаз ахархәареи, уи иацыз алеишәа ӷәӷәеи рызҳаргьежьыр ҳшәарҭара азҵаара ӡбахоит, ҳҳәынҭқаррагьы ашьаҭа ӷәӷәа азышьҭаҳҵоит", — лҳәеит Габниаԥҳа.

Кодекс ҳасабла ишьақәыргылан ирымаз, аԥсуаа рдоуҳатә беиара иабзоураны дара ирыман иааџьоушьаратә иҵаулаз, иаамысҭашәаз, аристократтә ҟазшьа змаз ахымҩаԥгашьа. Уи ахы акуан ауаҩраҿы. Аԥсуа ауаҩы дазусҭазаалакь иара иаҵкьыс дҳараикуамызт, иаҵкьыс дагьылаирҟәуамызт, диаҟаран диргылон.

Иара ихаҭагьы аӡәы диеӷьны, ма диеицәаны ихы дахәаԥшуамызт – ауаа зегьы драҟаран ихы ибон. Абарҭқәа зегьы злоу аԥсуа культура, ҳдоуҳатә культура ҳагәылаԥшыр ҳазхьаԥшыр ҳзыцәшәо акгьы ҳзынхаӡом, иҳалшоит ҳҳәынҭқарра аргылареи, ԥхьаҟа арҿиареи!

Ажәабжьқәа зегьы
0