Аиааира иасимволу: Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа

Анапаҵаҩра
Аԥсуа аестрадатә шәаҳәаҩцәеи акәашаратә коллективқәеи рылархәны имҩаԥган абираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт.

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш хыркәшахеит акәашаратә коллективқәеи аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи злахәыз аконцерт ала. Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы, Аибга ирсимволны иҟоуп.

Аҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп, асахьаҭыхҩы — Валери Гамгиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0