Ҳаџьымба: Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҿ аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГраница
Граница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҧхынгәымза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсныи Урыстәылеи рҳәааҟны аҭагылазаашьа иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik. Ҧхынгәымза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсныи Урыстәылеи рҳәааҟны аҭагылазаашьа иазкыз аилацәажәара мҩаҧигеит. Аҳәааҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит. Иахьа ара аусқәа шцо еиҧш ааныжьра ҟалом иҳәеит атәыла Ахада ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Аҳәааҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит. Иахьа ара аусқәа шцо еиҧш ааныжьра ҟалом. Сара Ашәарҭадара амаҵзуреи аҳәаахьчаратә хәҭақәеи изыхәҭаз адҵақәа рысҭахьеит иҟоу аҭагылазаашьаҵәҟьа аҭҵааразы, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа мзызс иамоу, анаҩс имҩаҧырго аусура аиӷьтәразы, аҧсуа ган аҟнеиҧш, аурыс ган аҿгьы. Урыстәылатәи аган аҿы аҭагылазаашьа еиҕьхарц азы аҳәаа знапы иану аусбарҭақәа рнапхгара ирацәажәалатәуп", — ҳәа иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Миллионк инеиҳаны машьына аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысхьеит - Sputnik Аҧсны
Миллионк инеиҳаны машьына аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысхьеит

Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра апроблема излауала ирласны ишыӡбатәу.

Сара Афедералтә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы сиацәажәеит. Агәра сдыргеит аҳәааҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы шымҩаҧырго азы.

Урыстәыла Ашәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәеи шәареи шәеицәажәара анаҩс ара аҭагылазаашьа арҽеиразы шьаҿақәас иҟаҵоу иарбану, аҳәаа иахысуа ҳауаажәлар реиҧш, турист ҳасабла иаҳҭауаа атәылауааи инарымаданы. Сара исырҭаз адыррала, автобусқәа сааҭк инаркны хҧа-хҧа сааҭ рҟынӡа иҧшны игылоуп, аҳәаа ахысраан азҵаанҵа амҩаҧгароуп изҿу. Арҭ аҭагылазаашьақәа зегьы ҳасаб рызузароуп", — иҳәеит Ахада.

Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммед Кьылба аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаҧырго аусурақәа рзы.

"Иашоуп, ас еиҧш иҟоу афактқәа ыҟоуп, агәаҭара-зоужьратә пункт ахысраан атәылауаҩшәҟәы агәаҭара инамыцхәны иадхалоит. Ари аҳәаа иахысуа реиҳараҩык Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа роуп. Урҭ, шамахамзар, зегьы ҧсшьара ҳәа иаауа атуристцәа роуп. Сара Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак анапхгара сыҽрымаздахьеит, Аҳәаахьчаратә маҵзура иҳаднагалаз аматериалқәа шьаҭас иҟаҵаны, Рашид Гумар-иҧа ишҟа ашәҟәы ҩны исышьҭит. Иара аҽныҵәҟьа аҭак ҟаиҵеит, даргьы Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Аҳәаахьчаратә усбарҭа хада анапхгарахь ашәҟәы рҩит. Урыстәылатәи Афедерациа аусбарҭақәеи ҳареи ҳусеицураҿы иҳамоу аҧышәа ала, иаҵшьны исҳәарц сҭахуп, дара рганахьала есқьынгьы аилкаара шыҟаз, қәнагала ицәырҵуаз азҵаарақәа ишрықәҿырҭуаз", — иҳәеит Муҳаммед Кьылба.

Ахада иаҵшьны иҳәеит аҳәаа ахысраҿы иҟоу ауадаҩрақәа хара имгакәа ишыӡбатәу. Аилацәажәара иалахәыз Ахада иҟоу аҭагылазаашьазы иааиҧмырҟьаӡакәа адырра ирҭалоит.

Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Зураб Маан, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аҳәаахьчаратә архәҭа аиҳабы, Аҳәынҭқарра ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Нодар Чачхиани.

Ажәабжьқәа зегьы
0