Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа: Тҟәарчал ауахәама аргылара ажәлар еиднакылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Тҟәарчал ауахәама аргыларазы аԥара аизгара иадҳәалоу амарафон шеиҿкаахо.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьынџьалԥҳа Тҟәарчал ауахәама аргыларазы амарафон иазкны
"Амза  ԥшьба рзы, 17 сааҭ рзы Тҟәарчал акультуратә хан аԥхьа имҩаԥысуеит амарафон-концерт. Уи ишиашоу ицо Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала идырбахоит, иара убас асоциалтә ҳақәа рҟынгьы ирбар ауеит. Аԥара еизгахоит ақьырсианра зыԥсы ахҭнызҵаз иԥшьоу  Евстафи ихьӡала, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал иалҵыз аҵеицәа ирызкны иргылахо аныха баа азы. Аконцерт рхы аладырхәуеит Аԥсныи Урыстәылеи рартистцәа. Иара убас ҳџьынџьуаа ахьынхо адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи ателецҳақәа еиҿкаахоит. Убасгьы иҟалоит ахәыҷқәа рзы аинтерес зҵоу апрограмма. Амарафон рхы аладырхәуеит аспортсменцәа.

Ҳаамҭазы аҭагылазаашьа уамак имариамзаргьы, ари аус даара ахаҵгылара аиуит. Амарафон ҟалоит ҳәа заҳаз ахеилакқәа аԥара ахырԥхьаӡалахьеит. Урҭ рыхьыӡқәа аҽны иҳәахоит. Тҟәарчал ақалақь аҟны ауахәама аргыларазы досу илшо ала илагала ҟаиҵар ауеит. Ари аус ажәлар еиднакылоит", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0