АҞӘА, нанҳәа 22 — Sputnik. Аргентина анаркотикатә маҭәашьар рыблит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аргентина иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Дмитри Феоктистов ауснагӡатә ихы алаирхәит.
"Урыстәылеи Аргентинеи рмаҵзура ҷыдақәа еицымҩаԥыргаз аоперациа иалҵшәаны иаанкылахеит Москваҟа иаарышьҭраны иҟаз 389 кьыла акокаин. Нанҳәа 21 рзы Аргентина иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Дмитри Феоктистов ауснагӡатә ихы алаирхәит анаркотикатә маҭәашьар ақәгаразы ауснагӡатә", — ҳәа аарыцҳауеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟынтә.
Уаанӡа абри аус иадҳәаланы иааныркылахьан Урыстәыла атәылауаак. Анаркотик зҭаз ачамаданқәа Ацҳаражәҳәарҭа аҵакырадгьыл аҿы иԥшаан. Уи азы аргентинатәи аполициа рырҭеит ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа.