Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лазба Ҭырқәтәыла адернеқь ҿыц аартра иазкны: аҿар рацәаны еизнагеит

© SputnikДжансух Лазба
Джансух Лазба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Аԥсны хаҭарнакыс иҟоу ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Лазба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ақԥынар ақыҭан Кавказаа рхылҵшьҭрақәа еидызкыло акультуратә центр ҿыц аартра шыҟалаз атәы.
Лазба Ҭырқәтәыла адернеқь ҿыц аартра иазкны: аҿар рацәаны еизнагеит

"Ҭырқәтәыла ақыҭа Ақԥынар иаатхеит ажәиԥшьтәи акультуратә центр. Уи напхгаҩыс далырхит Дауҭ Хапат, иара – дабазоуп. Афедераци хықәкыс иамоу — Ҭырқәтәыла иааидкылан иқәынхо абазақәеи, аԥсуааи, аублааи ркультура аиқәырхара ауп. Анаҩс ҭырқәтәылатәи адаиспореи Аԥсныи аимадара рыбжьаҵара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус аиҿкаара. Урҭ зегьы реиҳа ихадоу ируакн иҟоуп ҳкультура ҳбызшәа аиқәырхара, убри аҿы адернеқьқәа ихадоу аус нанагӡоит. Адернеқь ахьаадыртыз ақыҭаҿы еиҳарак иқәынхо Нхыҵ Кавказынтәи ахҵәара иақәшәаз роуп, аԥсуаа рыҟнтә ирацәаҩуп  Жьиаа, аха инахарамкәа еиҭа ҩ-қыҭак ыҟоуп, Кавказ  жәларқәа рхылҵшьрақәа ахьықәынхо, урҭгьы уи адернеқь ахь инеирц ахьрылшо. Адернеқь аартраҿы еизеит аҿар рацәаны, уи, ҳәарада, узеигәырӷьаша акоуп, иаадкыланы иуҳәозар, 1500 ҩык рҟныӡа ҳџьынџьуаа еизеит", — азгәеиҭеит Лазба.

Ажәабжьқәа зегьы
0