4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит

© Фото : Cаида Жьиԥҳа4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит
4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
4707-ҩык Гагра араион ашколхәыҷқәа аҵарадырра амҩа ианылеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион 18 школ рахь, аҵарадырра амш аҽны инеит 4707-ҩык ахәыҷқәа. Цәыббра акы, ныҳәамшны ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп раԥхьаӡакәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәагьы. Дара ианылоит идырым, аха аинтерес зҵоу амҩа ду. Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы акәзар-уи ашьҭыбжь иаҵоуп нашанатә мчык.

Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра араионтә школқәа аҵарашықәс ҿыц ишазыхиоу атәы

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа излаҳаиллыркааз ала, нанҳәамза анҵәамҭазы, актәи акласс ахь иҩыз арзаҳалқәа 390 ыҟан, иахьагьы ацлара иаҿуп. Убри аҟнытә, макьаназы асиа шьақәырӷәӷәаӡам.

Гагра араион ашколқәа, аҵара шықәс ҿыц рҽазыҟарҵеит заа. Амза анҵәамҭазы акласс уадақәа еилырган, ашҭақәа рыцқьан. Хәҭа-хәҭалатәи акапиталтә ремонтқәа мҩаԥган Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1, Лаԥсҭархатәи абжьаратә школи рҟны.

Традициала ишаԥу еиԥш, цәыббра аказы, ашколқәа зегьы аныҳәа иашьашәало ирхиан. Зехьынџьара иқәыҩуан ашәаҳәабжь. Ахәыҷқәа еинааланы еилаҳәаны, ашәҭқәа кны ашҭа иҭалеит. Ацәаҳәа иашаҟны рыхьӡқәа ҳәан иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны аҵараҿа зҽалзкааз ахәыҷқәеи, аџьабаа ду збаз арҵаҩцәеи.

Анаҩс ашколхәыҷқәа ирыԥхьеит ажәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа, акәашарақәа.

© Фото : Cаида Жьиԥҳа4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит
4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит - Sputnik Аҧсны
4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит

Гагратәи аԥсуа абжьаратә школ №1, 400-ҩык ахәыҷы ссирқәа ирылаҽхәаратәы иҟоуп. Сынтәа араҟа иаартуп актәи аклассқәа ҩба. Раԥхьаӡакәны ашкол ахь зшьаҿа еихызгаз иреиуоуп 43-ҩык аҵаҩцәа.

"Сынтәа ашкол иалгази, раԥхьаӡакәны зшьаҿа еихызгоуи рзы арҭ ахҭысқәа даҽа ҭоурыхтә рыцхәкгьы иадҳәалазаауеит, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз Аиааира 25 шықәса ахыҵра. Гәык-ԥсыкала еиҵагыло абиԥара ирзеиӷьасшьоит аҵарамш рҵарц, рыԥсадгьыл хьӡи-ԥшеи рыла амаҵ азыруртә еиԥш иҟаларц", — лҳәеит Гагратәи абжьаратә школ №1 адиректор Хана Гәынԥҳа.

Аҵара шықәс ҿыц рыдырныҳәаларц, ашколқәа ирҭааит Гагра араион Ахадара, адепутатцәа, аҵара аҟәша аспециалистцәа.

© Фото : Cаида Жьиԥҳа4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит
4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит - Sputnik Аҧсны
4707-ҩык ахәыҷқәа Гагра араион ашколқәа рахь иааит
Ажәабжьқәа зегьы
0