Амзахь иԥыруа раԥхьатәи атурист иапониатәи миллиардеруп

© Фото : Erin BiaforeЛуна
Луна - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
SpaceX раԥхьатәи акосмос ахь иԥыруа атурист ихьӡ цәырнагеит цәыббра 17 рзы. Амзахь дԥыруеит иапониатәи амиллиардер, аколлекционер Иусаку Маедзава.

АҞӘА, цәыббра 18— Sputnik. Амзахь дԥыруеит иапониатәи амиллиардер, аколлекционер Иусаку Маедзава ҳәа аанацҳауеит RT. Иара ихьӡ рылеиҳәеит аилахәыра атәтәҩы Илон Маск Калифорниа иҟоу SpaceX аштаб-квартираҿ.

Амзахь раԥхьатәи атурист дымҩаннагоит аракета Big Falcon (BFR).

"2023 шықәса рзы ԥшәымак иҳасаб ала аҟазара ахаҭарнакцәа 6-8-ҩык Амзахь исыцыԥрырц иаасыԥхьоит", — иҳәеит Маедзава.

Иара аилахәыра ҭабуп ҳәа аиҳәеит иоуз алшаразы.

Уаанӡа Амзахь аԥырра иалацәажәо "Ари акосмос ахь ацара зҭаху ауаа рзы шьаҿа бзиоуп", — ҳәа адырра ҟанаҵахьан аилахәыра Twitter аҿы.

Адгьыл аҟынтәи Амзахь иԥырхьеит 24-ҩык астронавтцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0