Миқаа: Аҟәа аҭарцәразы амчи алшеи шҳамоу дырны ажәылара ҳдәықәлеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеван Микаа
Леван  Микаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, Гәымсҭатәи афронт актәи абригада аҩбатәи абаталион аштаб аиҳабы Леуан Миқаа игәалаиршәоит 25 шықәса раԥхьа Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара аҽазыҟаҵара шцоз атәы.

Sputnik

– Зегь раԥхьа иргыланы ишәыдаҳныҳәалоит Аиааира амш 25 шықәса ахыҵра! Шәазааҭгылар ҳҭахуп напхгара зышәҭоз абригада Аҟәа агаразы ажәылара шазыҟашәҵоз атәы.

Леон иорден занашьоз Амиран Берзениа - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә хшыҩи, алидертә ҟазшьақәа змаз аибашьҩы - Амиран Берзениа

– Аԥсни Қырҭтәылеи реиҳабырақәа аиқәшаҳаҭра рыбжьан, Сентиабртәи ажәылара иалагаанӡа аибашьратә хҭысқәа аанкыланы иҟан. Ҳара ҳаиҳабыра аибашьра аанкылара иақәшаҳаҭхеит избанзар, ҳаргьы ҳамчқәа уиаҟара иӷәӷәаӡамызт, ажәыларақәа раан зқьи-хәышәҩык рҟынӡа ахәрақәа зауз ыҟан, иҭахаз рацәан. Убри аҟынтә ҳаргьы иаҳҭахын ҳаԥсы ҳшьарц, ҳбатальонқәа ҿыц еиқәҳаршәарц. Ҳара иҳалшеит ҳамчқәа реидкылара. Ҳаруаа зегьы, актәи аҩбатәи абригадақәа рҟны аилацәажәарақәа ыҟан, Владислав Григори-иԥа ҳаизганы дҳацәажәеит. Убри аизара даара аҵак ду амоуп, избанзар убраҟа ихаданы иқәгылан азҵаара, — иҳалшома ҳамчқәа еизганы Аҟәа аҭарцәра? Жәаҳәарада, усҟан акомандирцәа зегьы еицҿакны ирҳәеит Аҟәа аҭарцәра шҳалшо. Аҟәа агаразы ажәылара аиҿкаараан дҵаны иаҳзықәдыргылеит Гәымсҭа ҵаҟатәи ацҳа ала ақырҭуа ир рҭыԥкәа ирыхцаны иахьынӡаҳалшо аҭыԥ аанкылара.

Басариа Цәыббрамзатәи ажәыларазы: Аҟәа ииз зегь раԥҳьа ҳалалар ҳҭахын

– Напхгара ззыжәуаз абаталион шаҟаҩ аибашьцәа алахәдаз Сентиабртәи ажәылараан?

– Марттәи ажәылара ашьҭахь ҳбаталион анеиқәҳаршәа хышәҩык рҟынӡа аибашьцәа алан, Сентиабртәи ажәылараан аӷа иҿагылеит ҩышәҩык рҟынӡа. Шәҩык иҭахази, ахәрақәа заузи роуп. Аҟәа агара иалахәыз абаталионқәа рыбжьара, иҟан абжаҩык аибашьцәа ахьыҟамыз, урҭ Сентиабртәи ажәылара аԥхьаҟа иҟаз аидысларақәа рҟны иҭахеит, мамзаргьы ахәрақәа роуит. Ҵаҟатәи ацҳа ала ижәылоз Аҟәатәи абаталион актәи абригада аԥшыхәыҩцәа ргәыԥ Рома Аҩыӡба напхгара зиҭоз, ахԥатәи абаталион Қәҭелиа дзеиҳабыз, абарҭ ҳацхрааит, насгьы, Гәдоуҭа амшын зыхьчоз аҷкәынцәа ҳавагылеит.

– Аҟәа аҭарцәразы ажәылара цон жәеиза мшы, иарбан еиҳа иуадаҩыз амшқәа?

Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нанба Аҟәа агаразы аҵыхәтәантәи ажәылара иазкны: ҳаанызкылоз мчы ыҟамызт

– Ҳара дҵас иҳамаз ақырҭқәа ҳара ҳахь рхьарԥшра акәын, уи ус иагьыҟалеит, ҳара ҳганахь аруаа рышьҭит. Аха ҳара иаҳдыруан иреиҳау ажәылара хыхьынтә ишцоз, ҳара аплацдарм аанкыланы ҳтәар ҟалон, аха ҳара ԥхьаҟа ҳцон, Учхоз, Гәымсҭа амассив аҭарцәраан аҷкәынцәа даара агәымшәареи ахаҵареи аадырԥшит. Ҳара ажәылара ҳанцоз ибзианы иаҳдыруан раԥхьа иргыланы атанк аума даҽа бџьарума шаҳмоуаз, избанзар убри аҩыза аҭагылазаашьа хыхь акәын иахьрымаз. Аиҿахысрақәа раан абомбақәа еигәыдаҳҵон, убас ааигәа ҳаҟан. Уаҟа ақырҭқәа еиҿкааны ирыман апулемиотқәа рыла ихысуаз рҭыԥқәа. Убас аҭагылазаашьа ҟалеит апулемиот аҿалара ада ԥсыхәа анаҳмоу, ҳгыланы ҳаҿалеит. Ҷкадуа ҷкәынак сааигәа иӷәӷәаны дырхәит, апулемиот ала ихысуаз дшынханы дыҟан ас ҳахьиҿалаз, убри аҟнытә аӡәы ихәра ауп дзыхьӡаз.

– Шәара хаҭала агәрагара анбашәоуи Сентиабртәи ажәылара қәҿиарала ихыркәшахоит ҳәа?

Аинрал игәалашәарақәа

– Сентиабртәи ажәылара аан уажәшьҭа ҳшаиааиуаз агәра аагон, избанзар аҵыхәтәантәи иунтәи ажәылара агәра ҳнаргеит Аҟәа шҭаҳарцәоз. Жәылара ҳанцоз аҽныҵәҟьа ҳшаиааиуаз агәра аагон.

Ажәабжьқәа зегьы
0