Акиноҭоурыхи аибашьра ашәақәеи: Аҟәа иазгәарҭеит ахақәиҭра амш

© Sputnik / Томас ТхайцукПразднование дня освобождения города Сухум
Празднование дня освобождения города Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахақәиҭра амш 25 шықәса ахыҵра азгәарҭеит аԥшьаша, цәыббра 27 рзы.

Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа

Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра иазкыз ауснагӡатәқәа хацыркхеит атеатр ашҭаҿы. Араҟа аҿари аспорти русқәа рзы аҳҭнықалақь аҳәынҭқарратә еилакы имҩаԥнагеит "афлешмоб".

© Sputnik / Томас ТхайцукПразднование дня освобождения города Сухум
Празднование дня освобождения города Сухум - Sputnik Аҧсны
Празднование дня освобождения города Сухум

Иаартыз акинотеатр аекранқәа рҟынтәи аҳҭнықалақь ауааԥсыра аныҳәамш рыдырныҳәалон адунеи акәакьқәа зегь рҟынтәи ҳџьынџьуаа. Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Италиа, Испаниа, Китаи атәылақәа рҟынтәи аԥсуаа адныҳәаларақәа аарышьҭуан, ареспублика ауааԥсыра ирзеиӷьаршьон ақәҿиарақәа, аволонтиорцәа еизаз ирзеихыршон илашоз аԥышҭарчқәа. Урҭ рылашара уажә иаҭахны иҟан. Избанзар аибашьра аамҭа аиҭаҳәара рҭахызу, амузыкатә аппаратура амчра азышьҭымху, иакуан-ицәон афымцалашара.

Выставка Война и мир в творчестве абхазских художников - Sputnik Аҧсны
"Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рҿы аибашьреи аҭынчреи" рцәыргақәҵа аатит

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭаҿы ансамбль "Амзара" арок-балладақәа нанагӡон. Агәыԥ алахәыла Ҭимур Сымсым иажәақәа, рыла аколлектив раԥхьаӡаа кәны ахәаԥшыҩцәа рҿаԥхьа иқәгылеит аханатәтәи реилазаарала.

"Аибашьра ашьҭахь, 1993 шықәса рзы ҳара иҳаӡбеит арок-коллектив еизаагарц, аибашьцәа рзы арок-балладақәа наҳагӡаларц. Дара абри ажанр еиҳа ирзааигәаны иаабон. Исгәалашәоит, афилармониаҿы аконцерт ахь инеиз ахысра шҭарҵаз. Ҳақәгылара ашьҭахь ахыбра ахы алаԥыҟҟа иҟан. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аколлектив еимпит, аха иахьа, Аиааира аиубилеи амшаз ҳҽеизаҳгеит аибашьра иалиааз ашәақәа наҳагӡарц", — ҳәа еиҭеиҳәоит Сымсым.

Зегь раасҭа абри амшаз иззыԥшыз уснагӡатәын Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкны иҭырхыз раԥхьатәи асахьаркыратә фильм "Иахьа аӡәгьы дыԥсуам". Ақалақь Ахадара аколлонада аҿаԥхьа еиҿыркааит "адәынтәи акинотеатр". Ажурналистка Емма Хәаџьааԥҳа лфильм еизаз ирзеиҭанаҳәеит ҩыџьа аиҩызцәа рҭоурых, аибашьреи, аиҩызареи, аибаҭиреи рҭоурых. Акадырқәа зегьы ииасыз аибашьра аамҭа угәаладыршәон.

"Исгәалашәоит, саргьы ацәамаҭәа акнаҳара саҿын аибашьра "абжьқәа" ансаҳаз. Аԥхьаҵәҟьа иҟалаз сзеилымкааит", — ҳәа илгәалалыршәоит ахәаԥшыҩцәа руаӡәк. Афильм арежиссиор лажәаәқа рыла, акиносахьа иаидеиа хаданы иҟалеит абиԥарақәа реимадара.

"Актиорцәа зегьы аибашьра афырхацәа рыхшара роуп. Игәашәҭазар, ҳара урҭ рыхьыӡқәагьы ҳамԥсахит. Сгәаанагарала, уи Аԥсны аиааира азаазгази иахьатәи абиԥареи еиднакылоит. Актиорцәа ирыгу ыҟазаргьы иаҭашәымҵан, аӡәгьы апрофессионалтә ҵара имам. Сгәы иаанагоит аибашьра аамҭа ҳагәқәа рҟынӡа анагара рылшеит ҳәа", — еиҭалҳәоит Хәаџьааԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукПразднование дня освобождения города Сухум
Празднование дня освобождения города Сухум  - Sputnik Аҧсны
Празднование дня освобождения города Сухум

Актиор Ерик Миқаа иазгәеиҭеит афильм асценари иреалу ахҭысқәа шьаҭас ишамам.

"Ҳара иаҳхәыцыз ауп. Ҳасценари ауп", — иҳәоит иара.

Абри амш азы имҩаԥысит иара убасгьы апрект "Ҳара ҳаруаа реиҳабы" ахԥатәи ахәҭа арбара. Иара аԥҵан 2011 шықәсазы, раԥхьатәи Аԥсны ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны. Быжьшықәса рыҩныҵҟа еизган аибашьра ашәақәа 27. Цәыббар 27 рзы иҿыцу аранжировка рзуны иӡырган ашәақәа 16. Иеизаз ахәаԥшцәа артистцәа ирыцырҳәон асцена иқәыҩуаз ашәақәа. Иҿыцу аԥсҭазаара аиуит Витали Гәарамиа иҭахаз иашьа Авҭандил изикыз ашәа "Уцәашьы мыцәеит".

Аныҳәатә хәылԥазы салиутла ихыркәшахеит.

© Sputnik / Илона ХварцкияПраздничный салют на сухумской набережной
Праздничный салют на сухумской набережной - Sputnik Аҧсны
Праздничный салют на сухумской набережной

Ажәабжьқәа зегьы
0