Ил-20 ахҟьа-ԥҟьақәа Шьамтәыла аҭышәынтәалара иаԥырхагоуп ҳәа иашьоит Америка

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Вашингтон
Города мира. Вашингтон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН Ассамблеиа хадаҿы Америка ахаҭарнак иара убасгьы иҳәеит арегион аҿы "аимак иалшо зегь ҟаҵаны иаанкылатәуп" ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Шьамтәылатәи адиалог азы ЕАШ ахаҭарнак ҷыда Џьеимс Џьеффри, Шьамтәыла Ил-20 акажьра далацәажәо иҳәеит ари асценарии арегион аҿы аескалациа арҿиара иазынархоуп, ишалшо ала иаанкылатәуп ҳәа. Абас аанацҳауеит РИА Новости.

"Уажәы Шьамтәыла иҟоуп арратә мчрақәа хәба:  америкатәқәа, урыстәылатәқәа, ҭырқәтәылатәқәа, ирантәиқәа, израильтәиқәа. Урҭ дара-дара зны-зынла еиҿаҳауеит", — иҳәеит Шьамтәылатәи адиалог азы ЕАШ ахаҭарнак ҷыда Џьеимс Џьеффри.

Иара убасгьы иҳәеит арегион аҿы "аимак излауала иаанкылатәуп" ҳәа.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, цәыббра 17 асааҭ 23:00 рзы авиабаза Хмеимим ахь ихынҳәуаз урыстәылатәи аҳаирплан Ил-20 арадарқәа рҟны ибжьаӡит. Аҳаирплан аекипаж 14-ҩык ыҟан.

Бронетранспортер БТР-82 и зенитно-ракетные комплексы ПВО С-300 во время тренировки механизированной колонны войск Санкт-Петербургского гарнизона для участия в военном параде в честь 70-й годовщины Победы в Великой Отечественной войне - Sputnik Аҧсны
Москва Дамаск ианаҭоит аракетатә-зениттә комплексқәа С-300

Аминистрра адыррақәа рыла, иара убри аамҭазы израильтәи аистребительқәа F-16 Латакиа шьамтәылатәи аобиектқәа ирылахысуан, афранцузтә фрегат "Овернь" (Auvergne) аҟынтәи аракетақәа рышьҭуан.

Абри ашьҭахь урыстәылатәи арратә мчрақәа арегион аҿы рыхьчаразы Урыстәылатәи аган Шьамтәылатәи аган иазынанашьҭраны иаӡбеит ҳаамҭазтәи аҳауаҽацәыхьчаратә зениттә-ракетатә комплексқәа С-300.

С-300 Шьамтәылатәи ПВО алшарақәа акыр иарӷәӷәоит.

Атәылахьчара аминистр Шоигу иҳәеит 2013 шықәса рзы Урыстәыла ишааннакылаз Дамаск акомплексқәа С-300 азынашьҭра, аха уажәы аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, уи азы Москва хара адым ҳәа.

Самолет Ил-20 - Sputnik Аҧсны
Адгьылбжьахатә мшын аҵакыраҿы урыстәылатәи аҳаирплан карыжьит

Уи адагьы Урыстәыла Шьамтәылаҟа инанашьҭраны иҟоуп ҳаамҭазтәи ПВО акомандатә пунктқәа рзы анапхгаратә системақәа.

"Урыстәыла Шьамтәылаҟа инанашьҭраны иҟоуп ҳаамҭазтәи ПВО акомандатә пунктқәа рзы анапхгаратә системақәа. Асистемақәа иалдыршоит Шьамтәыла ПВОқәа зегьы ҭыԥк аҟынтәи анапхгара рыҭара аиҿкаара, аҳауатә ҭагылазаашьа амониторинг азура", — иҳәеит Шоигу.

Арҭ асистемақәа Шьамтәыла иаԥну Адгьылбжьаратә мшын акваториаҿы Урыстәыла атәыла иахьаҵанакуа аобиектқәа ирыжәло аспутниктә навигациақәеи, авиациа аборттә радиолакациатә системақәеи аимадарақәеи рышьаҽра рылшоит.

Москва агәаанагарала Израиль иҟанаҵаз аҭактә уснагӡатәқәа аднамкылар ада ԥсыхәа ыҟам урыстәылатәи аруаа ршәарҭадара аиҿкааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0