Матуаԥҳа: Аиааира амш сара сзы иҩынтә ныҳәоуп

© Фото : Сусанна ТаниаЕсма Матуаԥҳа
Есма Матуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Саб са сзы дҿырԥшыгоуп, еснагь сгәы дҭоуп" – лҳәеит Есма Матуаԥҳа лыҿцәажәараҿы – лаб аибашьҩы Вадик Матуа изкны.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

"Хьӡи игарц оуп ахаҵа дзииуа" – рҳәоит аԥсуаа. Уи ус баша ишҳәам Аԥсны аҵеицәа ишьақәдырӷәӷәеит ҩажәеи хәба шықәса раԥхьа. Убас фырхаҵарала зыԥсадгьыл, рыуаажәлар еиқәзырхаз аԥсуа рԥарцәа хьӡырҳәагоуп, игәыҭгагоуп рыуаажәлар еиԥш хаҭала рҭаацәарақәа рзгьы. "Саб са сзы дҿырԥшыгоуп, еснагь сгәы дҭоуп" – лҳәеит Есма Матуаԥҳа лыҿцәажәараҿы – лаб аибашьҩы Вадик Матуа изкны.

– Есма, аибашьра ианалагаз шәаб шаҟа шықәса ихыҵуааз, насгьы дабеибашьуаз?

Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Зхы иаиааиуа- зегьы дыриааиуеит

– Саб Матуа Вадик Леонти – иԥа диит 1952 шықәса рзы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан. Аибашьра ианалага иара иҭәымҭа дҭагылан, ихыҵуан 40 шықәса. Аибашьра актәи амшқәа инадыркны абџьар аангылан, дцоит еибашьра. Заза Воуба наԥхгара зиҭоз "Аҩбатәи Мрагыларатәи афронт" далахәылан. Еснагь сазҿлымҳан аибашьра иазку ажәабжьқәа санду, саб иан дыхҭасклон ани сзеиҭаҳә, ари сзеиҭаҳә ҳәа. Убас санду излаиҭалҳәоз ала, аибашьра анцоз саб иҩызцәа ааныжьны аҩны уахыкгьы даанымгылацызт. Абыржә Ҭхьына ҳқыҭан ижуп аибашьцәа аишьцәа Матуаа, убарҭ саб иашьа иԥацәа ракәын. Дара анҭаха анышә ианамардоз аҩныҟа дгьежьит, акәымзар аибашьра аанҵәаанӡа саб аҩны аӡәгьы димбаӡацызт. Аибашьра зегь иҩызцәа рыгәҭа ихганы аҩныҟа иҭаацәа рышҟа дхынҳәуеит.

– Есма, заҟа шықәса шәхыҵуааз шәаб даншәыԥхаз? Шәгәалашәараҿы дышԥаанхеи?

– Саб аиааира даԥылеит, аха 2003 шықәсазы изцәырҵыз ачымазара бааԥс иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит 51 шықәса дшырҭагылаз. Абри ачымазарагьы аибашьра ирыхҭнагаз ауп. Аибашьраан иргәаҟыз, хьҭеи млеи ирыхҭыргаз. Убри зегь ачымазара изнарҵысит. Иԥсҭазаара даналҵыз 9 шықәса заҵәык ракәын исхыҵуаз. Зегь акоуп, иара сгәалашәараҿы наунагӡа даанхоит уаҩы ҳалалк иаҳасабала. Ҳҭаацәараҿы ҩыџьа ахшара ҳаҟан, сашьа Аслан 14 шықәса дсеиҳабуп. Сара саниз аибашьра ашьҭахь ауп азы саб цәгьалаҵәҟьа дсыхӡыӡаауан. Схәыҷра ашықәсқәа раан сназеилаҳауаз фатәума, шәҵатәума ак сыгижьуамызт "абри Есма илҭахыз акәын иҟаз, Есма илҳәоз акәын иҟаз", сашьа дгәаауан еснагь "мшәан, сара сеиҳабуп, аха сара исҳәо акгьы аҵанакӡом" – иҳәон. Нас ирымҳәои, ҳарҭ аӡӷабцәа лымкаала абацәа бзиа иаҳбоит ҳәа, саргьы убас акәын. Иара уажәыгьы сышдухахьоугьы, ашкол аҿы аус ахьызуа сҵаҩцәа рабацәа рышьҭалан инеины рнапы ианкны аҩныҟа ишырго анызбалак, маӡала сгәы сҭаҵәыуоит, избанзар сгәазхара саб дызбаанӡа, иԥхарра сылаҽаанӡа заа дсыԥхеит.

– Шәышԥаҭыло аиааира амш? Шәыԥсҭазаараҿы ари амш ныҳәа иарбан ҭыԥу иааннакыло?

Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп

– Аиааира амш сара сзы акрызҵазкуа мшуп – иҩынтә ныҳәоуп. Избан акәзар, сиит 1994 шықәса Цәыббрамза 30 рҽны, сыжәлар иргаз аиааира шықәсык анахыҵуаз. Аиашаз, ари амш аҽны исхашҭуеит сира амш шыҟоу, зегь иазгәарҭо аныҳәа самҽханакуеит. Нас хәылбыҽхан аҩныҟа ҳаныхынҳәлак аамышьҭахь ауп ианысгәалашәо сымш иира шыҟаз. Аныҳәа ашьҭахь саҳәшьцәа – сашьцәа исамҳәаӡакәа сыҩны ашә иаалагылоит рҳамҭақәа кны. Уи уажәшьҭа исҵахьеит, сынтәагьы ус акәхап ишыҟало. Исҳәар сылшоит сымш иира аасҭа сыжәлар иазгәарҭо аныҳәа еиҳа сзы ихадароуп ҳәа. Абыржәгьы сгәы хыҭ – хыҭуа сыззыԥшу амшиира акәӡам, Аиааира амш ауп. Сынтәа сыԥсадгьыл ахы иақәиҭхеижьҭеи 25 шықәса ҵуеи. Сара сакәзар, 24 шықәса схыҵуеит.

– Есма, анык лаҳасабала шәыуаажәлар аныҳәаха ирзеиӷьашәшьарц ишәҭахәу?

– Ҳажәлар зегь раԥҳьа иргыланы, ирбаз абри ала инҵәахо, агәабзиара, агәамч рыманы иҟалааит. Ҳхәыҷқәа ирдыруазарц аибашьра закәу, иаанаго, аха уи зегьы ҳара иаҳҳәо аҟнытә ирдырларц, иаламԥшыртә еиԥш. Схаҭа сҭаацәароуп 5 шықәса зхыҵуа аԥҳа дсымоуп, ибзиаӡаны издыруеит ан ахәыҷ ишҟа лыбзиабара шҳараку, лгәыбылра, лгәырҩа шаҟа ирацәо. Уаҳа иамбааит ҳаԥсадгьыл ани ахшареи еиҟәызыҭхо аибашьра. Уныҳәазааит Аԥсны!

Ажәабжьқәа зегьы
0